Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 65 шықәса ихыҵит

© Foto / ГИА "Апсныпресс"Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр
Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Рушьбеи Смыр 65 шықәса ихыҵра инамаданы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәдыргылоит иҭоурыхтә поема "Симра".

АҞӘА, жәб 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Рушьбеи Смыр иахьа 65-шықәсатәи аиубилеи азгәеиҭоит.

"Рушьбеи Смыр – ари ҳаԥсуа литератураҿы иреиӷьқәоу арҿиаҩцәа рхыԥхьаӡараҿ дыҟоуп. Аԥсуа поезиа аҭоурых аҿы аханатә иазгылон аҟазацәа хатәрақәа, Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Баграт Шьынқәба. Ҳлитератураҿы абарҭ инагақәоу апоетҵәа рыбжьарагьы Рушьбеи Смыр иалкаау поетуп. Сара гәык-ԥсык ала сҩыза иира амш идысныҳәалоит", — иҳәеит Аԥсны Жәлар рпоет, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы Мушьни Лашәриа.

Рушьбеи Смыр ааигәа инапы иҵыҵит аҭоурыхтә поема "Симра", уаҟа XIX-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Кавказ иҟаз ахырҵәара хлымӡаах аҭыԥҳа Симра ллахьынҵала иаарԥшуп. "Симра" — ихыҭҳәаау поемаӡам, ус захьӡу аԥҳәыс дыҟаҵәҟьоуп, иахьа Ҭырқәтәыла дынхоит. Апоема иалху атеатралтә композициа Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иаарласны ахәаԥшцәа ирбартә аҭагылазаашьа роуеит.

"Режиисерк-ақәыргылаҩк лаҳасаб ала сара сзы аҭакԥхықәра ду ацуп апоема "Симра" ақәыргылара. Автор 207 куплет ирҭеигӡеит ҳҭоурых аҟны зегь реиҳа ишьаарҵәыраз аамҭа – амҳаџьырра, жәларык рахыӡӡаара. Сара хықәкыс исымоуп аҭоурых шыҟаҵәҟьаз аарԥшра. Акомпозициа "Симра"  иалахәхоит Аԥсуа драматә театр актиорцәа", — лҳәеит арежиссер Мадина Аргәын.

Апоема "Симра" ықәыргылахоит хәажәкыра 12 рзы.

Рушьбеи Смыр акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1965 шықәса инаркны, раԥхьаӡатәи иҩымҭақәа рнылоит агазеҭ "Бзыԥ" адаҟьақәа.

Аҵх ҵәцаратәи аеҵәақәа амза акәша-мыкәша еилыӷӷа ишаацәырҵуа еиԥш, апоет раԥхьатәи ишьаҿақәа еизыркәкәаны иаархылҵыз ашәақәа анылеит 1973 шықәсазы иҭыҵыз раԥхьатәи иеизга "Аеҵәақәа рыкәашара".

Симра, Рушьбеи Смыр, Ельвира Арсалиа - Sputnik Аҧсны
Рушьбеи Смыр: Аԥсны аԥшӡара бџьарла еиқәҳархеит – хшыҩла ихьчатәуп

Апоет ирҿиара уагәылаԥшуанаҵы иҿаҿаӡа иааԥшуеит аҭоурых ахьышьҭра иахаану итәылеи ижәлари рлахьынҵа. Уи атема инарҭбааны иаазырԥшуа ажәеинраалақәа иреиуоуп: "Ԥсуаҵаса", "Аԥсны", "Аҵан", "Сасрыҟәа", "Аԥсаратәи абаашқәа", "Уарада", "Жана Ачба", уҳәа убас егьырҭгьы.

Рушьбеи Смыр ипоезиаҿы имаҷымкәа дазааҭгылоит иԥсадгьыл ахьаа.

1995 шықәсазы апоет ихҵан Адыга ареспулика зҽаԥсазтәыз акультура аусзуаҩ ҳәа ахьӡ, дрылоуп Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи.

Рушьбеи Смыр есқьынагьы далагылан амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара. Уи дрылахәын 1977-1979, 1989 ашықәсқәа рзы аԥсуа милаҭ ринтересқәа рыхьчараз Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы. 1989 шықәсазы еиҿкааз афорум "Аидгылара" Гәдоуҭатәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.

Рушьбеи Смыр ипоезиатә рҿиамҭақәа еидызкыло аизгақәа 16 ҭыҵхьеит. Урҭ иреиуоуп: "Аеҵәақәа рыкәашара" (1973), "Ашьанҵа" (1976), "Ахҿа" (1979), "Сышьхақәа" (1981), "Ашыцқәа рашәа" (1985), "Акәукәуқәа еиқәҿырҭуеит" (1988), "Сҽыласқәа" (1990), "Рада гәышьа" (1994), "Аҳаҳаира" (1998), "Рарира" (2003), "Абжьы" (2005), "Слабашьа" (2008), ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа реизгақәа: "Арҵу" (2000), "Аҵыс иаҵәа" (2011). Иара убас, иҭыҵхьеит х-томкны иҟоу "Иалкаау иҩымҭақәа" реизга (2010, 2011, 2013).

Ажәабжьқәа зегьы
0