АҞӘА, хәжәк 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, Жәлар реизара ахантәаҩы Валери Бганба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба, ауаажәларра рхаҭарнакцәа Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿы Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Марттәи ажәылара аҵак ду шамаз аибашьраҿы аиааира агаразы.
"Марттәи ажәылараҿы ҳаҷкәынцәа, ҳаӡӷабцәа, ҳаиҳабацәа, ҳаиҵбацәа, рҭахара хьаа дууп. Урҭ ирыбзоураны аиааира агаразы даҽа шьаҿак ҟаҵан. Аибашьраҿы ажәыларақәа маҷмызт, аха Марттәи ажәылара аҭоурых аҟны иаанхо жәылароуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Марттәи ажәылара иалахәыз Ҭырқәтәылантәи иааз Еркан Қәҭарба Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит изынхаз агәалашәарақәа.
"Зегь реиҳа сгәы иалоу, Аҟәа ҳахьзаламлаз, шьҭахьҟа ахьаҵра ахьҳақәшәаз ауп. Марттәи ажәылара аԥхьа ҳазлахәыз аидысларақәа зегь рҟны ҳманшәалахон. Ажәылараан даара ирацәаҩны ҳаҷкәынцәа ҭахеит", — иҳәеит Қәҭарба.
Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа. Аҭоурых аҿы ари ажәылара лҵшәадоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, аха аибашьра иалахәыз аветеранцәа рыхәҭак ргәаанагарала, уи иабзоураны Аԥсны Аиааира агаратәы аҭагылазаашьа аԥҵахеит.