00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаларшәара Гагра имҩаԥысит

© SputnikГагрские школьники на возложения цветов к Мемориалу Славы в Гагре
Гагрские школьники на возложения цветов к Мемориалу Славы в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахьынӡанаӡа-ааӡо Марттәи ажәылараҿ иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәоит.

ГАГРА, хәжәк 16 – Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәараз гагратәи Ахьӡ-аԥша амемориал ахь инеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәарақәа, араион ахадара, ашколхәыҷқәа. Абри атәы аалыцҳаит Sputnik акорреспондент ахҭыс аҭыԥ аҟынтәи.

Марттәи ажәылараҿ иҭахаз ргәаларшәара Ахьӡ-аԥша абаҳчаҟны имҩаԥысит

"Марттәи ажәылара аԥсуа ар азы аҵак ду аман. Ҳаибашьцәа даҽазныкгьы фырхаҵарала рхы аадрԥшит. Сара агәыԥ "Ураган-Сатурн" саланы схы аласырхәит ари илҵшәадахаз ажәылара. Ҳара ҳашьцәеи иаҳзааигәаз ҳҩызцәеи ҳцәыӡит. Аԥсуа ар хьамҵыр ада ԥсыхәа ҟамлеит, аха аибашьцәа ргәы камҳаит, еиҳагьы аидгылара аадырԥшуа иалагеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра нҵәаанӡа ас еиԥш иҳақәымҿиаз жәылара ҟамлеит", — иҳәеит аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Ҭамаз Хьециа.

Марттәи ажәылараан иҭахаз Аслан Ҳагәышь иԥшәма Алла Григолиа абас илгәалалыршәоит усҟантәи аамҭа.

"Сыԥшәма Аслан Ҳагәышь дҭахеит Марттәи ажәылараан. Ақырҭқәа анрыкәша уи ихала арҭҟәацга ԥижәеит дыҭҟәаны дрымгарц азы. Иҭахаз аӡәырҩы реиԥш Аслан Аҟәа анышә дамардеит. Уи ишәыз амаҭәақәа рыла дыздырит", — лҳәеит уи.

Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа. Аҭоурых аҿы ари ажәылара лҵшәадоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, аха аибашьра иалахәыз аветеранцәа рыхәҭак ргәаанагарала, уи иабзоураны Аԥсны Аиааира агаратәы аҭагылазаашьа аԥҵахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0