30 тәыла рхадацәа Аибашьра ду аҿы Аиааира амш Москва иазгәарҭоит

© Sputnik Владимир Вяткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшҭа ҟаԥшь
Ашҭа ҟаԥшь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны аиааира 70 шықәса ахыҵра иазкны Москваҟа ицо атәылақәа рхадацәа макьана рыхьыӡқәа ҳәам, уи еилкаахоит мшаԥымза аламҭалаз. Аха уажәнатә еилкаауп аныҳәа ишалахәхо Азиа, Мрагылара ааигәа, СНГ иалоу атәылақәеи ШОСи БРИКСИ аҳәынҭқаррақәеи.

АҞӘА, хәжәк 17 – Sputnik. Еилкаауп иарбан ҳәынҭқаррақәоу Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны аиааира агара аныҳәа Москва иаԥыло, 30 ҳәынҭқарра инарзынаԥшуа рхадацәа рхы шаладырхәуа атәы рҳәахьеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ  "Известия" аинформациа ала.

"Ааԥхьара рзышьҭын жәпаҩык аҳәынҭқаррақәа рхадацәа, еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рахь. Ажьырныҳәа анҵәамҭазы аиааира аныҳәа рхы шаладырхәуа рҳәеит 20 ҳәынҭқарра реиҳабыра, хәажәкыра алагамҭазы урҭ рхыԥхьаӡара 30 рҟынӡа инаӡеит", — аанацҳаит агазеҭ  "Известия" Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟнытә ахыҵхырҭа ирнаҭаз аинформациа ала.

Агазеҭ иамоу адыррақәа рыла, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны аиааира 70 шықәса ахыҵра иазкны Москваҟа ицо атәылақәа рхадацәа макьана рыхьыӡқәа ҳәам, уи еилкаахоит мшаԥымза аламҭалаз. Аха уажәнатә еилкаауп аныҳәа ишалахәхо Азиа, Мрагылара Ааигәа, СНГ иалоу атәылақәеи ШОСи БРИКСИ аҳәынҭқаррақәеи.

Ахыҵхырҭа ишаанацҳауа ала, аныҳәа алахәразы ирызԥшуп Таџьыкисҭан, Белоруссиа, Казахсҭан, Иармантәыла, Азербаиџьан, Киргизиа, Китаи, Вьетнам, КНДР, Голландиа, Бырзентәыла, Египет, Израиль рхадацәа. Франциа ахада Франсуа Олланд Москваҟа ицара азҵаара макьана иӡбам.

Агазеҭ излаанацҳауа ала, Украина аганахьалагьы аҭагылазаашьа уадаҩуп. Апарад ахь инеиуеит Иреиҳаӡоу арада аҟынтәи депутатцәак. Иара убас, аныҳәа иалахәхоит Донецки Лугански рхаҭарнакцәа.

Евро-еидгылаҿы Урыстәыла есымшатәи ахаҭарнак Владимир Чижов иҳәеит Европа атәылақәа рхадацәа аныҳәа ашҟа ааԥхьара рымоуп, Москваҟа анеира азҵаара аӡбара дара роуп изду ҳәа.

Германиа аканцлер Ангела Меркель Украина иҟоу аҭагылазаашьеи, Крым азҵаареи инарыдҳәаланы Аиааира амш аҽны Москва лыҟазаара залшом ҳәа илԥхьаӡеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0