Арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи 22 шықәса ҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание ГК по репатриации. г.Сухум.
Здание ГК по репатриации. г.Сухум. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1993шықәса, хәжәкыра 23 рзы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, Владислав Арӡынба иқәҵарала, Гәдоуҭа ақалақь аҟны еиҿкаан ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы.

АҞӘА, хәжәк 23  — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аԥсны Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан 22 шықәса раԥхьа.

Ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿкаан 1993шықәса, хәжәкыра 23 рзы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, усҟан Иреиҳау Асовет ахантәаҩыс иҟаз, анаҩс Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба иқәҵарала. Аилак ахантәаҩыс дшьақәырӷәӷәан Ныгәзар Ашәба.

Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы аилак хадара азыруан Фениа Аҩӡҧҳа, Гиви Допуа, Апполон Шьынқәба, Анзор Мықәба, Зураб Адлеиба.Иахьа, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы еиҳабыс дамоуп Хьрыҧс Џьопуа.

Хьрыԥс Џьопуа: аԥсуа дахьынхозаалакгьы Аԥсны атәылауаҩыс дыԥхьаӡоуп - Sputnik Аҧсны
Хьрыԥс Џьопуа: аԥсуа дахьынхозаалакгьы Аԥсны атәылауаҩыс дыԥхьаӡоуп

Аилак аҩнуҵҟа иаҧҵоуп афонд, иара убас аҟәшақәа. Арепатриациа ахықәкы хадақәа ируакыуп аҳәаанырцә инхо ҳхылҵшьҭрақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалара, анхарҭа ҭыҧлеи усурҭалеи реиқәыршәара, атәылауаҩшәҟәы рыҭара, ахатәы бызшәа дырҵара, агәабзиарахьчара, ашәарҭадара уҳәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа аус рыдулара, ҳаимадара арӷәӷәара.

Ҳазҭагылоу аамҭазы, Аҧсны излатәылауаҩу ала аа-нызқьҩык рҟынӡа аршаҳаҭгақәа рымоуп. Урҭ рахьтә ҧшь-нызқьҩык инарзынаҧшуа Аҧсны атәылауаҩшәҟәқәа роухьеит.

Аҳәаанырцәтәи ҳашьцәа, аамҭаказы зыҧсадгьыл иаҟәыгаз ҳхылҵшьҭрақәа, маҷ-маҷла акәзаргьы рыҧсадгьыл иазыхынҳәуеит, ара аҭаацәарақәа аҧырҵоит, иҿыцәаахьаз рхәышҭаарамцақәа еиқәырҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0