Гәдоуҭа иаатит алитературатә клуб "Асаркьал"

Алитературатә клуб "Асаркьал" Гәдоуҭа иаатит
Алитературатә клуб Асаркьал Гәдоуҭа иаатит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион, Ашкол анҭыҵтәи ааӡаратә центр ахыбраҟны иаадыртит алитературатә клуб "Асаркьал".

АҞӘА — хәжәк 26, Sputnik, Анжелика Бениа. Гәдоуҭа араион, ашкол анҭыҵтәи ааӡаратә центр ахыбраҟны, акультуратә хәышҭаарак аҳасабала арҿиара знапы алаку аҿар еидызкыло алитературатә клуб "Асаркьал" аадыртит.

Алитературатә клуб "Асаркьал" аиҳабы Ахра Анқәаб аклуб аартра иазкыз аиԥылараҿы еизаз зегьы уи аԥҵара аидеиеи рзеиҭаиҳәеит.

"Асахьаркыратә литература ҳдоуҳа иауасхыруп ҳәа иԥхьаӡоуп. Уи аамҭа цәгьақәа шахнагахьоугьы изызҳауа аҿар аҵагыландаз, арҿиаҩцәа реимадара иҵегь иӷәӷәахандаз ҳәа агәаҳәара ҳамоуп. Убри хықәкыс ишьҭыхны, арҿиара знап алаку аҿар, зхатә ҩымҭақәа аԥызҵо, абаҩхатәра акәиц злоу раԥхьаҟа амҩа рықәҵаразы алитературатә клуб "Асаркьал" аартра ҳаӡбеит.  Адоуҳамч цәыкәбарк иадымхаргьы аҿар ргәаҵанӡа анагара, мчыкны реидкылара ауп хықәкыс иҳамаз аклуб аартраан", — иҳәеит Анқәаб.

Иара иажәақәа рыла, алитературатә клуб "Асаркьал" ҳәа хьӡыс аҭара ажәытәи аҿатәи реимадара асимволтә ҵакы амоуп.

Владимир Анқәаб игәаларшәаратә хәылԥазы Хәаԥтәи ашкол аҟны имҩаԥыргеит

Анқәаб излеиҳәо ала, араион аҟны алитературатә клуб, аҿар еидызкылаша акультуратә хәышҭаарак аҳасабала аԥҵара аидеиа цәырҵижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Иахьеиҿкаау ашкол анҭыҵтәи ааӡаратә центр ахыбраҟны иазылырхыз ауада аамҭалатәиуп, анаҩс ақалақь агәҭаны, уажә аиҭшьақәыргларатә усурақәа ахьцо ахыбрахь ииагахоит.

Алитературатә клуб аартра аныҳәа рхы аладырхәит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи, ауаажларратә усзуҩцәа, апоет ҿарацәа, араион ашколхәыҷқәа, арҵаҩцәа.

Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр мҩамш ҳәа раҳәо, аклуб аартра аҿар рзы ахәарҭара дырзааҭгылеит.

"Алитература знапы алазкыз зегь поетцәахом ипрозаикхом, аха Есенингьы, Пушингьы залагаз абас ауп, хәыҷы-хәыҷла. Ачараҟны атамада дымныҳәакәа илоу уздырӡом. Зхы ԥызшәо иоуп акыр злыҵо. Зхы ԥызшәо ауаа шәахьыҟалаз уи еиҳау ҽа гәадурак ыҟаӡам. Амилаҭ милаҭны изыҟалаӡом, амилаҭтә доуҳа аныҟамла", — ҳәа азгәеиҭеит Смыр.

Аԥсны жәлар рпоет иахьазы ихьаау абызшәа апроблема дазааҭгылеит.

"Зегьы шәпоетханы шәзыҟалаӡом, аха ишәхамышҭыроуп ҳбызшәа ҳагәҭас, ҳабацәа ҳрыгәҭас — ак шакәу. Ҳара малс иахьа иҳамоу ҳажәлари, ҳбызшәеи, иаҳзынхаз ҳаҧсадгьыли роуп", — ациҵеит Смыр.

Ажурнал ''Алашара'' аредатар хада Анатоли Лагәлаа апоет ҿарацәа мҩамш ҳәа реиҳәеит.

"Ҳара шәара ҳаншәықәлаз раԥхьа ҳахьеиқәшәоз, ҳшьаҿақәа ахьеихаҳгоз Очамчыра еиҿкааз абри аҩыза алитературатә клуб аҿоуп. Ишәхамышҭырц сҭахуп ҳара ҳаиқәзырхо ҳлитературеи ҳбызшәеи шракәу. Абраҟа шәырҿиараҟны аграждантә позициа анышәкылароуп, — иҳәеит Лагәлаа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0