Аҟәатәи ауаҭахқәа руак аҿы агаз ацәцара иахҟьаны аҭҟәацра ҟалеит

© Sputnik Томас ТхайцукЗдание МЧС Абхазии
Здание МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агаз ҭҟәацит иахьа Аҟәа, Гәымсҭатәи амҩаду аҟны игылоу аҩны, аԥшьбатәи аихагылаҿы.

АҞӘА, хәжәк 27 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агаз ацәцара иҟалаз иахҟьаны Аҟәа, Гәымсҭатәи амҩаду аҟны игылоу аҩны, аԥшьбатәи аихагылаҿы аҭҟәацра ҟалеит, ҳәа аҭыԥантәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Ахҭыс ҟалеит аихагыла рацәа змоу аҩны, аԥшьбатәи аихагылаҿы.

"Ахәыҟаҵарҭаҿы сыҩналеит афатә ҟалазар гәасҭоит ҳәа, убри аамҭазы аҭҟәацра ду ҟалеит, азныказ иҟалазгьы сзеилымкааит", — лҳәеит аԥшәма Лиалиа Амқәабԥҳа.

Аҭҟәацра ахьыҟалаз аҭыԥахь инеит Аҭагылазаашьа чыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәеи, амцарцәаратә маҵзура №2 аусзуҩцәеи, ацхыраара ласы амашьынеи.

"Уажәазы ҳзыхьӡаз аҭҵаарақәа рыла иаҳҳәар ҳалшооит, аҭҟәацра зыхҟьаз агаз ацәцароуп ҳәа. Акыраамҭа еизозар акәхарын, нас иҭҟәацит — иҳәеит Аҭагылазаашьа чыдақәа рзы аминистрра аусзуҩ Валери Огониан.

Аҭҟәацра ааха знаҭаз Лиалиа Чамагәуаԥха ахәышәтәырҭахь ацара мап ацәылкит, аҭыԥан дгәазҭаз ацхыраара ласы аҳақьымцәа лгәабзиара шәарҭа ацым ҳәа ахәшьара ҟарҵеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0