Аԥсны раԥхьаӡа акәны Афони Аҟәеи рыбжьара аметро ацәаҳәа аатуеит

© Sputnik Илона ХварцкияПавильон заброшенного о.п. Гума
Павильон заброшенного о.п. Гума - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьаӡа акәны аметро ацәаҳәа еиҿказаауеит, уи еиднаҳәалоит Афон Ҿыци Аҟәеи.

АҞӘА, мшԥ 1 – Sputnik. 21 метр иҟоу аметрополитен ацәаҳәақәа раԥхьаӡа акәны Аԥсны иргылазаауеит. Абри атәы акомпаниа "Аԥсныметропроект" адиректор хада Елҟан Аӷба Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

Аӷба иажәақәа рыла, апроект иҟоу аинфраструктура аҽақәнаршәо иҟалоит. Уи абзоурала апроект иахҭынҵахо аргылара иақәырӡхо аамҭеи ахарџьи рырмаҷра алшахоит, ҳәа игәы иаанагоит акомпаниа "Аԥсныметропроект" аиҳабы.

"Раԥхьатәи аметрополитен ргылазаауеит иҟоу Афонҿыцтәи аҳаԥы апавилион аҟны. Аметро апроект "Афон Ҿыц – Аҟәа" ала адгьыл аҵаҟеи адәахьи адәыӷба амҩа ашьҭаҵара ҳгәы иҭоуп. Апроект арҿиаразы ахарџь маҷны иахҭнаҳҵарц азы аметро иҟоу адәыӷба мҩала иалдазаауеит", – иҳәеит Аӷба.

Аргыла иахҭынҵахо аԥареи аамҭеи макьана имаӡоуп. Апроект аиҿкааҩцәа иаарыцҳаит ацәаҳәа "Афон Ҿыц — Аҟәа" ашьҭаҵараан рхы иадырхәоит "Адлер – Краснодар адәы" Шәача аӡынтәи Олимпиатә хәмаррақәа рахь амҩа аргылараан ахархәара змаз атехнологиақәа.

"Иахьатәи аамҭазы атоннельмҩангагатә комплексқәа, Шәача "олимпиатә" мҩа аргылараан рхы иадырхәоз, уажәы усда игылоуп. Уи зыхә цәгьоу, иеффективтәу техникоуп. Ԥшьы-шықәса ирҭагӡаны аӡиас Мзымҭа аԥшаҳәа иамариашаны 50 км иҟоу амҩа ҿыц ргылан, рыбжак ашьхатә тоннельқәа роуп. Ҳара иаҳгәиҭоу апроект арҿиара иаҳа имариоуп", – иҳәеит Елҟан Аӷба.

Раԥхьатәи аԥсуа метро – акомплекс анҭыцтәи Аԥсны атранспортә система арҿиаразы аинвестициатә план апрограммахь иаҵанакуа апрект дуқәа ирхыԥхьаӡалоу акоуп. Аинвестициатә компаниа "Росваминвест" анапхгаҩы Герасим Умыслов игәаанагарала, аметро ацәаҳәа аргылара апроект аԥара ахҭынҵара апреспектива амоуп.

"Аԥсны аметрополитен аԥара ахҭынҵаразы аӡбамҭа анҳадаҳкылоз, ҳара раԥхьаӡа уи аидеиа ишәаны-изаны ҳазнеит. Ҳара аамҭа ҳаиааиразы аусура ҳаҿуп. Атранспорттә сфераҟны ари раԥхьатәи ҳапроект ауп, аха ишҳалшо агәра ҳгоит", – иҳәеит Умыслов.

Аинвестор иажәақәа рыла, адгьыл аҵантәи ацәаҳәа "Афонҿыц – Аҟәа" атәылаҟны аметрополитен аҿиара раԥхьатәи етапуп. Ҳаԥхьаҟа, аҳаирбаӷәазатә комплекс аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, Гәыма инаркны Бабышаранӡа аметро амҩа ацҵара ҳгәы иҭоуп.

© Sputnik Леон ГунияМетро Абхазии
Метро  Абхазии - Sputnik Аҧсны
Метро Абхазии
Ажәабжьқәа зегьы
0