АҞӘА, мшԥ 1 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. 1941 шықәсазы Бронислав Банковски 16 шықәса ихыҵит. Уи иан илҭахӡамызт арра ишьҭра, убри аҟнытә адокументқәа рҟны иқәра шықәсык еиҵаны иалырбеит. Аха иан лҽазышәара дазхьамԥшкәа Бронислав Банковски 1943 шықәсазы арра дцоит.
"Сара 27-тәи аснаипертә школ Қарҭ иҟаз сақәшәеит, уаҟа ҳазыҟаҵара иалагеит. Ашкол саналга ашьҭахь 1943 шықәсазы схатә гәаԥхарала ВДВ ахь сцеит. Уи ҟалеит Москва азааигәара, ақалақь Раменское аҟны", — иҳәеит аветеран.
Банковски аррамаҵура дахысуан 10-тәи агвардиатә аҳауа-десанттә бригада аҟны, уи напхгара азиуан уи аамҭазы аподполковник Хасан Ҳаразиа.
"Ҳара аибашьышьа ҳҵон, арратә ҽазыҟаҵарақәа ҳархысуан. Апарашиут ала ҳаԥон – раԥхьа ашәара ыҟан, аха нас ҳашьцылеит", — азгәеиҭеит Банковски.
Рашәарамза 22, 1944 шықәсазы Бронислав Банковски ицеибашьуази иареи Карелиатәи афронт ашҟа ииаган. Уаҟа Свирсктәи адивизиа иалахәны аӡиас Свир ирит.
Аветеран еиҭеиҳәеит игәалашәараҿ инхаз хҭыск.
"Афронт ацәаҳәа уаҟа еиԥшьны иҟамызт. Иаҳфоз ҳамаӡамызт, ҳаԥшыхәцәа игәарҭеит афиннцәа амҩаныфа шрымаз. Ԥшьҩык ҳҽеидкыланы ҳнарышьҭалан урҭ рымҩаныфа рымаҳхит. Ҳара ҳтәқәа рахь ҳаныхынҳә ҳаԥсы ҳаманы иааҳартызар, уаҟа иҭаз абереза иалхыз ақашь акәын. Аха уигьы ҳфеит", — игәалаиршәеит аветеран.
Жәабран 1945 шықәсазы Бонислав Банковски деибашьуан 2,3 Украинатәи афронтқәа рҟны, Чехословакиа, Венгриа, Австриа рхақәиҭтәра далахәын.
"Агәымшәаразы" амедаль аибашьҩы ирҭеит Австриатәи ақалақь Медлинг аныргоз зегь раԥхьа дгыланы напышьашәалатәи аидыслараҿы фҩык аӷацәа ахьҭаирхаз азы.
"Аидысларақәа даара ирацәан. Аӡә дыршьыр акәын, аӡә дынхар акәын", — иҳәеит аветеран.
Уи излаигәалаиршәо ала, Ар ҟаԥшь рҿаԥхьа иқәгылан адҵа Венатәи аканал арра. Уи аҽны Банковски абаталиони аполки еимеидон.
"Аканал аҭбаара 200-ҟа метра иҟан. Аҟәара амармалташь ала иҟаҵан, егьи аган ала аспорт ахан гылан, уи гатәын. Акомбат Калоев Ҳаразиа диҳәеит "Катиушақәа" ҩбаҟа ииҭарц, аӷацәа амца рылеиҵарц азы. Аха Ҳаразиа аҭак ҟаиҵеит ақалақь Вена арбгара шыҟамло, ауаагьы кьыс рмоур шакәу", — азгәеиҭеит Банковски.
Усҟан Калоев иӡбеит алҩатә шашкақәа рхархәара. Ахәылбыҽхазы аибашьцәа егьи аҟәарахьы ииасит.
Ақалақь Вена ган мшаԥы 13 рзы, лаҵара 11 рзы аибашьцәа Вена ааныжьны шьапыла ицеит.
Иахьа аветеран Банковски дынхоит дахьииз, дахьааӡаз Аҟәа ақалақь аҟны.
55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аҵеицәа Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын, урҭ рахьтә 17 нызқьҩык инареиҳаны аҩныҟа изыхнымҳәит, 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵан.