АҞӘА, мшԥ 2 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Украина ииз, иааӡаз Анна Степанова данқәыԥшыз лани лареи Аԥсныҟа нхара ҳәа иааит, абри атәы аветеран Sputnik акорреспондент иалҳәеит.
"17 шықәса анысхыҵуаз ауп иансарҳәаз сҭаацәа сшыртәымыз, сшырааӡаз атәы. Сани саби хаҭаҵәҟьақәа рлахьынҵа еилыскаарц азы Украинаҟа сцеит, уаҟоуп иахьсаҳазгьы аибашьра шалагаз азы ажәабжь. Сҭаацәа ртәы аиаша уаҳа исзеилымкааит. Украинантә Аԥсныҟа мызки бжаки амҩа сықәын", – лҳәеит аибашьра аветеран.
Анна Степанова Украинантәи Аԥсныҟа амҩа дыхьынӡақәыз аибашьра агәаҟрақәа маҷымкәа илхылгеит.
"Атауар аазгоз адәыӷба ҳақәтәаны ҳаауан, аӷацәа рҳаирпланқәа аԥҭақәа реиԥш ихын. 70 шықәса ҵхьеит, аха иахьа уажәраанӡа ԥхыӡырла избоит урҭ аҳаирпланқәа", – ацылҵеит лара.
1942 шықәсазы Аԥсныҟа даныхынҳә, Степанова ПВО аабатәи абригадахь свиазисткас арра дцеит.
"Аиааира шаҳгаз атәы белоруссиатәи аҳәаа аҟны ауп ианыздыр. Усҟан иҟаз шәхахьы ишәзаагом. Ашәаҳәара, акәашара, аччара. Ҳгәырӷьара ҳәаа амамызт! Иҟамлараны иҟаз ак акәны исыԥхьаӡон", – лҳәеит аветеран.
Анна Степанова "Кавказ ахьчареи" "Германиа аиааиреи" рзы амедалқәа ланашьоуп.
Иахьатәи аамҭазы Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Анна Степанова Гагра араион, аҳабла Цандрыԥшь, уадак змок ауаҭах аҟны лымацара дынхоит. 18 шықәса раԥхьа Степанова лыҷкәын длыԥхеит. 1992 шықәса инаркны аветеран лхала заҵәык дыҟоуп.
"Ҳәарада, ауаа сыцхраауеит, аха уи маҷгәышьоуп", – лҳәеит Степанова.
Аԥсны 55 нызқьҩык атәылауаа инареиҳаны 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду афронтқәа рҟны еибашьуан, урҭ рахьынтә 17 нызқьҩык аҩныҟа изыхнымҳәӡеит, аҳәынҭқарра 22-ҩык атәылауаа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵан.