Ҳандан Папԥҳа: Ҭырқәтәыла инсыжьыз ҳәа егьыҟам, Аԥсноуп сыԥсы ахьҭоу

© Sputnik Илона ХварцкияҲандан Папба
Ҳандан Папба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳандан Папԥҳа шықәсык аԥхьа Ҭырқәтәылантәи лҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дхынҳәит, уи лыԥшәмеи лареи Аԥсны рынхашьа-нҵышьа атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит.

АҞӘА, мшԥ 3 – Sputnik, Анжелика Бениа. Ҳандан Папԥҳаа лыԥшәмеи лареи шықәсык ҵуеит рыԥсадгьыл ахь ихынҳәижьҭеи. Лҭаацәа рҟынтәи раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа иааз лхәыҷқәа роуп, ианаа нахыс рхы-ргәы рыԥсадгьыл иадуп ҳәа Sputnik акорреспондент илалҳәеит Ҳандан.

Аԥсадгьыл азыхынҳәра

"Раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа иааз сыԥҳа лоуп, 11 шықәса лхыҵуан усҟан, Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа аҿар реибабаразы 20-ҩык ахәыҷқәа рыԥсадгьыл ахь иаарышьҭыз дрылан. Нас сыҷкәын дааҳашьҭит, акәашаратә ансамбль "Редада" дацны дааит. Ахәыҷқәа рыԥсадгьыл ихнахт, уашьҭахьтәи ацара рҭахымызт. Нас нхара ҳәагьы даахьан сыҷкәын, аха ҩы-шықәса роуп дахьаанхаз Аԥсны, ауаудаҩрақәа изцәырҵын Ҭыркәтәылаҟа дыхнымҳәар амуит", — лҳәеит Ҳандан.

Ҭырқәтәыла инхоит Ҳандан лан а-Ҳаразиаԥҳа, ланду Барчанԥҳа, лыԥшәма иани иаби. Имариазма Аԥсадгьыл ахь ахынҳәра ҳәа санлазҵаа, ирлас аҭак сылҭеит.

"Уи мариаӡам, ҳәарада. Ҳара ҳаԥсадгьыл ахь аара ҳҭахын. Ҭырқәтәыла инсыжьыз ҳәа акгьы ыҟаӡам ҳәа сҳәар сылшоит, араҟоуп зегьы ахьыҟоу, сыԥсы ахьҭоу. Иахьа амҩақәа аатит, ацара-аарақәа мариахеит. Ҳәарада схәыҷқәа, сани саби гәхьаазгоит, аха сара сыԥсадгьыл аҟны сыҟоуп. Ҳара ҳааит, ара ҳанхоит, сашьцәа, сыԥшәма иҭаацәа есышықәса иаауеит. Аӡә амҩа ааиртыроуп. Аԥхьа игылоу дааԥсоит, аха ари иаԥсоу усуп", — лҳәеит Папԥҳа.

Ахатәы бызшәа абжьы

Уеигәырӷьартә иҟоуп Ҳандан иахьа аԥсышәала ибзианы дахьцәажәо, избан акәзар 10 шықәса раԥхьа аарла еилылкаауан ауп, дзалацәажәомызт.

"35 шықәса схыҵаанӡа ԥсышәала ажәакгьы сҿыҵшәомызт. Сани саби рыбжьара ԥсышәала ианеицәажәоз ыҟан, аха ҳара ҭырқәшәала акәын ишҳацәажәоз. Схәыҷаахыс аԥсшәа имаҷзаргьы слымҳа иҭыҩуан, аха сызцәажәаӡомызт. Сыԥшәма д-Арсҭаауп, Аԥсны дынхоит ҳҩыза – Арсҭаа аедыгь, иара лассы-лассы сасра дҳазнеилон, ҳанидхала аԥсшәа сҳәо салагеит. Иџьасшьоит, зынӡа исцәыуадаҩӡамызт, иара ахала иааԥшызшәа ицәырҵит. Исгәалашәоит саб иахь ҳаицны ҳаннеи, саб аԥсышәала сышцәажәо аниаҳа "быххьандаз" иҳәан, схы дагәӡит", — лҳәеит Ҳандан.

Лара лажәақәа рыла, лыԥҳа Аԥсныҟа данаа, аԥсшәа аҵара лҽазылшәеит, "Альфа" ашколахь дныҟәон, уи абзоурала аҩра лдыруеит, даԥхьоит, аха дызцәажәаӡом.

"Абызшәа уацымхыраар, умцәажәалар аҿиара аангылоит. Иахьа усшәа иҟалеит схәыҷқәа ԥсышәала изцәажәаӡом. Сԥеи сыԥҳаи Ҭырқәтәыла иҟоуп, аҵара рҵоит, аус руоит. Иҟалап, мышкыхзны сара сҟны сбызшәа  шааԥшыз еиԥш дара рҟынгьы иааԥшыр", —  ҳәа дгәыӷуеит Ҳандан.

Азанааҭ ссир

Иахьа Ҳандан Аԥсны иаартны илымоуп лхатә салон, уаҟа лара амаҭәахәқәа лӡахуеит, 3D астиль ала асахьақәа ҟалҵоит, араӡны иалхны алымҳариқәа, анапхаҵақәа уҳәа аԥылҵоит. Ҳандан лаԥҵамҭақәа ирылоуп Аԥсны ирзымдыруа аԥсуа елементқәа злоу аԥҵамҭақәагьы. Лара излалҳәо ала, аԥсуаа Трабзон ианнеи, ахьы, арыӡны аԥашьа астиль "еиларшә" ҳәа изышьҭоу ала арԥшӡагақәа аԥырҵон, иҟаҵаны ирҭиуан, аха нас уи аус Трабзон инхо алазқәа ирҵан, ишнеиуаз иртәыртәит, рхатә ахьӡ аҭаны. Ҳандан излалҳәо ала, Ҭырқәтәыла ари астиль "Трабзон аус" ҳәа иашьҭоуп.

"Араҟа ари аелемент зынӡа ирыздырӡом, ирцәыӡхьеит, Ҭырқәтәыла, уи атехника аӡбахә зну ашәҟы ҭыжьуп, уаҟа аԥсуаа (абаза) иртәуп ҳәа иануп. Аха ауаа зегьы ирдырры сҭахуп уи аԥсуаа ишаҳтәу", — азгәалҭеит Ҳандан.

Лара лажәақәа рыла Ҭырқәтәыла ирацәоуп Аԥсны рхы иадмырхәо, аԥсуаа иртәу аелементқәа.

"Имаҷымкәан иҟоуп Ҭырқәлтәыла ҳара иаҳхашҭхьоу аԥсуа елементқәа. Иара инхазгьы ииашаны иҳазныҟәгаӡом. Ахҭырԥа атәы ҳалацәажәозар — ишырхарҵо, рыбӷа ишықәдыршәо, ишҿарҳәо аформа зынӡа ииашаӡам. Амаҭәа зырԥшӡо аматериал адагьы аорнаментқәа роуп. Уи ала аԥсуа культура беиоуп", — иацылҵеит лара.

Агәалақәеи агәҭыхақәеи

Ҳандан Папԥҳа иазгәалҭеит Ҭырқәтәыла ишырацәоу аԥсуа қыҭақәа. Лара лаб иқыҭа — Аԥсара ахьӡуп, лан лқыҭа — Абжьаҟәа. Лажәақәа рыла, урҭ аҭыԥқәа ирылшеит аԥсуа культуреи, адоуҳаи рыхьчара. Аԥсны аҿар ирабжьалгеит еизаны Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭақәа ирылсырц. Ҳандан лгәы иалсны илҳәон Аԥсны аҭыԥантәи ауаа рҟынтә изныкымкәа ишлаҳахьоу "арепатриантцәа ара шәаазгада, ара иҟашәҵои ҳәа".

Аҿар ирдыруазароуп рыжәлар рҭоурых, уи аҭаацәараҿы ираҳауазароуп, ашколқәа рҿы ибзианы иддырҵалароуп, ирдыруазароуп арепатриантцәа азусҭцәоу, аԥсуара закәу, иара аҵакыҳәа лгәаанагарақәа ҳацеиҩылшеит Ҳандан.

"Аԥсуара адунеи зегьы еиднакылоит. Адунеи зегьы ирылаҵәаны иҟазҭгьы, еибашьра ҟалаӡомызт. Аԥсуара ауаа зегьы ирыгуп, ҳара европатәи аидеологиа ҳахьынҳало ҳалагеит, ихараны иҟоу еиӷьу џьаҳшьоит. Аҿар аԥсуа культура иахьабалакгьы инаргозароуп, рнапы ахьынӡанеиуа, уажәшьҭа аамҭа дара иртәуп", — лҳәеит Ҳандан Папԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0