300-ҩык инареиҳаны Индиа атәылауаа Иемен иалгоуп

© REUTERS / Anees MahyoubСитуация в Йемене. 25 марта 2015.
Ситуация в Йемене. 25 марта 2015. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Саудтәи Аравиа, Египет, Иорданиа, Судан злоу жәларбжьаратәи акоалициа иҳаҩсыз амчыбжь азы Иемен арратә операциа иалагеит, уи рзынархоуп аиҿкаара "Ансар Алла" иалахәу, урҭ аҳәынҭқарра аиҳарак рнапаҵаҟа иҟоуп.

АҞӘА, мшԥ 4 – Sputnik. Индиа аҳауатә-арбџьартә мчқәа 334-ҩык атәылауаа Иемен иалганы Индиаҟа иргеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Индиа арбџьармчқәа рминистр ипресс-маӡаныҟәгаҩ Ситнши Кар иажәақәа рыла.

Индиа адәныҟатәи аусқәа рминистрра иамоу адыррақәа рыла, уажәазы Иемен иҟазар ауеит ԥшь-нызқь инарзынаԥшу Индиа атәылауаа. Аҵыхәтәантәи ашықәс иалагӡаны, Индиа ԥшьынтәуп атәылауаа аидысларақәа ахьцо аҭыԥқәа рҟынтә иалнагоижьҭеи: уажә аԥхьа Украина, Ирак, Ливиа рҟынтә ауааԥсыа алган.

"115-ҩык ауааԥсыра зҭаз аҳаирплан C-17 Globemaster Дибути ақалақь аҟнытә иаауаз Мумбаи итәеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иара убас, арратә ӷба "Сумитра" ала иалыргазгьы ыҟоуп", — ҳәа аниҵеит Кар аинтернет аҟны.

Уи аԥхьаҟа Индиа адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Саиед Акбаруддин иҳәеит аԥшьаша иалгаз 306-ҩык ауаа ԥырхага рмоукәа Джибути ақалақь аҟынӡа инаӡеит. Иеменынтә Индиаҟа ихынҳәхьеит 700-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра.

Саудтәи Аравиа, Египет, Иорданиа, Судан злоу жәларбжьаратәи акоалициа иҳаҩсыз амчыбжь азы арратә операциа Иемен иалагеит, уи рзынархоуп аиҿкаара "Ансар Алла" иалахәу, урҭ аҳәынҭқарра аиҳарак рнапаҵаҟа иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0