АҞӘА, мшԥ 9 – Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ахашаҽны иҿыцу аминистрцәа аиҭеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Рауль Ҳаџьымба иқәҵара инақәыршәаны Дмитри Сериков аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп, уи Москватәи анџьныртә-физикатә институти, Урыстәыла аиҳабыра иатәу Афинанстә академиеи рҿы аҵара иҵон. Ари амаҵурахьы даиаанӡа Дмитри Сериков аилахәыра "Аҟәафон-GSM" аиҳабы ихаҭыԥуаҩс аус иуан.
Аԥсны аекономика аминистрс дҟаҵоуп Адгәыр Арӡынба. Адгәыр Арӡынба Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет доушьҭымҭоуп, Волгоградтәи аҳәынҭқарратә техникатә институт аспирантура далгеит, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп. Аекономика аминистр уаанӡа Аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа аекономикатә хырхарҭа аиҳабыс дыҟан. Адгәыр Арӡынба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аекономика атеориа даԥхьоит.
Ақыҭанхамҩа аминистрс дҟаҵоуп Тимур Ешба. 2001 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа Ешба Гәылрыԥшь араион ахадас аус иуан. 2011 шықәсазы Ешба Гәылрыԥшь араионтә еизараҟны депутатс далхын. 1993 шықәсазы уи Мархьаултәи аколхоз аиҳабыс даҭан. 1995 шықәсазы Ешба Мархьаул ақыҭа ахадас дҟарҵеит. Тимур Ешба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, "Агәымшәаразы" амедал ианашьоуп.