Ахьчаҩ: Вадим Матуа иаанкылара закәантәым

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Апрокуратура хада
Аԥсны Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адукат Фрида Лазԥҳа илҳәеит илыхьчо Вадим Матуа иаанкылара аԥкаанҵеи, апрокуратура рықәҵареи рзы ашшра аиқәыршәара лгәы ишҭоу.

АҞӘА, мшԥ 10 – Sputnik, Анастасиа Никонова. Вадим Матуа иаанкылара закәаным, ҳәа Sputnik акорреспондент иалҳәеит уи ихьчаҩ — адукат Фрида Лазԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, Вадим Матуа даанкылан Арбитражтә усӡбара ахыбраҿы, уи уахь днеит иҿахәы иҿырхырц азы.

Адукат Фрида Лазԥҳа илҳәеит илыхьчо Вадим Матуа иаанкылара аԥкаанҵеи, апрокуратура рықәҵареи рзы ашшра аиқәыршәара лгәы ишҭоу.

Фрида Лазбԥҳа лажәақәа рыла, ашәахьа, мшаԥымза 6 рзы, Матуа аусӡбарахь иԥхьеит. Уаҟа ирыӡбар акәын уи анаҩстәи истатус. Аха аусӡбара мшаԥымза 15 рахь иахьиагаз аҟнытә акгьы ӡбамызт.

Аха уи хырҩа амҭакәа Вадим Матуа аԥшьаша, мшаԥымза 9 рзы, даанкылан.

"Сара исыхьчо аусӡбара иҽацәиӡом, аусӡбаратә еилатәарақәа рахь днеиуеит, иҿахәы иҿырхуеит, акгьы шихарам ашьақәырӷәӷәара дашьҭоуп", — лҳәеит Лазба.

Апрокуратура хада апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, Вадим Матуа агәҩара идҵоуп 55 миллион абиуџьеттә ԥарақәа иӷьычит ҳәа Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭеи ахәыҷбаҳчеи рыргылараан.

Мышқәак ирылагӡаны Апрокуратура хада Вадим Матуа ашьауӷатә ус азы ахара иднаҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0