Аҟәатәи ашьхаҿ еиҭа агәам еизеит

Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ашьхара аҵакырадгьыл аҟны еиҭа агәамсам еизеит. Уаҟа хәажәкыра 28 рзы ақалақьуаа аиларгара ду мҩаԥыргахьан.

АҞӘА, мшԥ 15 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Аҟәатәи ашьхаҟны ҩы-мчыбжь раԥхьа ақалақьуаа иахьеилдыргаз еиҭа агәамсам аизара иалагеит.

Зымҽхак ҭбааз арыцқьара еиҿызкааз агәыԥ "Сара сықалақь цқьазар сҭахуп" алахәылацәа иҟалаз аҭагылазаашьа џьарымшьаӡеит.

"Аилыргара аиҿкаара мариаӡамызт. Хыԥхьаӡара рацәала рҽаладырхәит. Аҟәатәи ашьхара ахаҿра ҳаԥсахуеит ҳәа зегьы ихаҳҵахьан. Даара сгәы снархьит еиҭа уа аҟьамсар акажьра иахьалагаз. Џьоукы аҭыԥ ҭыжәжәарқәа рыҟны анхара иашьцылаз, рыԥсҭазаара аԥсахра рҭахӡам", – лҳәеит агәыԥ активистка Есма Шармаҭаа.

Субботник на фуникулере - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ашьха арыцқьара: ауаа агәамсам иаҿагылеит

Аволонтиорцәа аҟәатәи ашьхараҟны ақалақьтә "Аиаҵәара анхамҩа" алархәны иҵегь аилыргарақәа реиҿкаара ргәы иҭоуп.

"Ицәгьахомызт уи аҭыԥ ахылаԥшра азузтгьы, акамерақәа ықәыргылазҭгьы. Уи ҳара ҳгәаанагарала ашьхараҟны ацқьара аиқәырхара ицхыраагӡахоит", – иазгәалҭеит Есма Шармаҭаа.

Аҳҭнықалақь Анхамҩатә усбарҭа аиҳабы Елена Атепина уи атемазы лгәынамӡара аалырԥшит.

"Даара илахьеиқәҵагоуп, ақалақьуаа рыбжеиҳараҩык рзы зегь акакәны иахьыҟоу. Еидкылоу аҟьамсар ақәгара ҳаҿуп, аха хәыҷы-хәыҷла аизара иаҿуп. Ақалақь абзиабара иадԥхьалатәуп, рыҩнеиԥш иазыҟазароуп", – лҳәеит Атиопина.

Атиопина ишаалыцҳаз ала, амшцәгьа иахҟьаны зымҽхак ҭбааз аилыргара еизнагаз аҟьамсар зегьы макьана иқәгаӡам.

"Зықәгара мариаз агәам-сам ықәаҳгеит. Ашьхараҟны аҭыԥкәа ҟьаҟьараӡам уи ахарала агәамсамқәа рҭыгара цәгьан. Амшцәгьа иахҟьаны аҟьамсар аиагара ҳаламшеит. Агәамсам бар, ҳәарада иқәаҳгоит", – лҳәеит Елена Атиопина.

Хәажәкыра анҵәамҭазы еиҿкааз зымҽхак ҭбаау аилыргара ду акциа рҽаладырхәит 500 инареиҳны ақалақьуаа. Акциа иадгылеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, аминистрцәа, Аҟәа ақалақь ахадара аусзуҩцәа, еиуеипшым егьырҭ ахеилакқәеи аилазаарақәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0