Ҳаџьымба Мрагылараҭҵааратә институт адоктор ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп

© Sputnik Томас ТхайцукҲаџьымба Амрагылараҭҵааратә институт адоктор ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп
Ҳаџьымба Амрагылараҭҵааратә институт адоктор ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба изкны Мрагылаҭҵааратә институт аҟны алекциа даԥхьеит.

АҞӘА, мшԥ 15 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Мрагылараҭҵааратә институт адоктор ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп. Абри атәы Sputnik акорреспондент илалҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакра абжьагаҩ Татиана Гәлиа.

"Арҵаҩратә хеилак аӡбарала Рауль Ҳаџьымба Мрагылараҭҵааратә институт адоктор ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп, иахьа уи зыршаҳаҭуа адипломи амантиеи ианаршьеит", — азгәалҭеит Гәлиа.

Рауль Ҳаџьымба Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба искульптура Мрагылараҭҵааратә институт ҳамҭас иаиҭеит.

Рауль Ҳаџьымба Владислав Арӡынба изкны алекциа даԥхьеит.

Аԥсны ахада усуратә визитла Москва даҭааит мшаԥымза 14 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0