Аветеран Жаданов: зныкымкәа ашпионцәа рҿахәы рҿысххьан

© Sputnik Томас ТхайцукВетеран ВОВ Жаданов Андрей Мартакович
Ветеран ВОВ Жаданов Андрей Мартакович - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Андреи Жаданов Монголиа деибашьуан, "Иапониа аиааиразы" амедаль ианашьоуп.

АҞӘА, мшԥ 21 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Андреи Жаданов игәалаиршәоит ҩажәа шықәса анихыҵуаз Монголиатәи аотриад "Смерч" аҿы ԥшыхәҩыс дшыҟаз.

Андреи Жаданов еиҭеиҳәеит раԥхьатәи амшқәа рзы Монголиатә ацәҳәыра Гоби аҟны аҭагылазаашьа шыцәгьаз, аҳауа шыхьанҭаз.

"1942 шықәсазы сара СССР азааигәарахь сиаргеит, уаҟа дҵас иаҳзықәдыргылеит квантунсктәи ар рҿагылара", — игәалашәарақәа еиҭеиҳәоит аветеран.

Аветеран Разаренов: Днепр ҳаныруаз ҳаибашьцәа маҷҩымкәа иҭахеит - Sputnik Аҧсны
Аветеран Разаренов: Днепр ҳаныруаз ҳаибашьцәа маҷҩымкәа иҭахеит

Аибашьра аветеран гәадурала иациҵеит Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны аиааира агараҿы аԥшыхәцәа рлагала акыр ишдуу.

"Сара афронт сақәшәар сҭахын. Санқәыԥшыз ахаан арыжәтә сымжәыцызт, аҭаҭынгьы самыхацызт. Уахык зны цасҳәа арыжәтә сҽасыршьит, арежим аилагаразы афронт ахь срышьҭразы, аха ҳкомандир исеиҳәеит сахьыҟаз сшаҭахыз, сыгәгьы сҽаниҵеит, даҽазны арыжәтә анызжә атрибунал сшеиҭоз", — иҳәеит Жаданов.

Аветеран иажәақәа рыла, аԥшыхәцәа ротриад напынҵа хадас ирыман иапониатәи ашпионцәа рыԥшаара.

"Сара лассы-лассы ашпионцәа рҿахәы рҿысхуан. Урҭ уахынла ауп рҿахәы анырҿаҳхуаз. Шьоукы-шьоукы хашҭшьа рымам. Азныказы даара исцәыуадаҩын ари аус", — иҳәеит Жаданов.

Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран игәалаиршәеит 1946 шықәсазы Кремльынтәи адҵа ҷыда шроуз. Уи излаҳәоз ала, Иапониаа иҵәахны ирымаз алабораториа ықәаҳхыр акәын. Иҳамаз аинформациа ала, иҳалшеит алабораториа аԥшаареи адҵа анагӡареи.

"Исгәалашәоит ҳара аколонна ала ҳашцоз, ус аиапонцәа рҳаирплан халаны абомбақәа ҳаланажьуа иалагеит. Сҩызеи сареи напылатәи апулемет шьҭыхны уи аихсра ҳалагеит. Уи иақәҳаршәазар акәхап, аҳаирплан наскьеит, ишаҳбоз алетчик дыԥеит", — азгәеиҭеит аветеран.

Андреи Жданов еиҭеиҳәеит иара убас ахәра шиоуз атәы.

"Ахәра соуит Чехвын саныҟаз. Ҳара Иапониатәи аԥшыхәцәа рыштаб-квартира аанкылара ҳаҿын. Аҩны иаакәыршаны хә-метрак иҳаракыз аанда аман. Дазусҭоу сыздыруам саԥхьа метрак аҟара шыбжьаз аграната каижьит. Ааҳәыха смоуӡакәа уи ҭҟәацит, ашьҭахь иҟаз ҳәа акгьы сгәалашәом. Уажәыгьы сшьапы аграната аԥҽыха алоуп", — игәалаиршәоит аветеран.

55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны атәылауаа 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду афронтқәа рҟны еибашьуан, урҭ рахьынтә 17 нызқьҩык аҩныҟа изымхынҳәӡеит,
22-ҩык Аԥсны аҵеицәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵан.

© Sputnik Томас ТхайцукВетеран ВОВ Жаданов Андрей Мартакович
Ветеран ВОВ Жаданов Андрей Мартакович - Sputnik Аҧсны
Ветеран ВОВ Жаданов Андрей Мартакович
Ажәабжьқәа зегьы
0