Аветеран Чакриан: афронт еимадарала еиқәҳаршәон

© Sputnik Томас ТхайцукВетеран ВОВ Чакрян Хорен Абрамович
Ветеран ВОВ Чакрян Хорен Абрамович - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хорен Чакриан 1941 шықәсазы 65-ҩык аиқыҭа Багрыԥшь арԥарацәа дрылакны Ар ҟаԥшь ахь иԥхьеит.

ГАГРА, мшԥ 21 – Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Хорен Чакриан диит 1925 шықәсазы Гагра араион Багрыԥшь ақыҭан. 1941 шықәсазы асолдаҭ қәыԥш аррахь иԥхьеит. Арратә маҵура 787-тәи аимадаратә баталион аҟны дахысуан.

Аимадаратә баталион иалаз ақыҭауаа 65-ҩык рҟынтәи Хорен Чакриан заҵәык иоуп уа инхаз, егьырҭ зегь еиуеиԥшым ахәҭақәа рахь иршеит.

Ветеран ВОВ Жаданов Андрей Мартакович - Sputnik Аҧсны
Аветеран Жаданов: зныкымкәа ашпионцәа рҿахәы рҿысххьан

Хаз иҟоу аимадаратә баталион аусура ззынархаз абригада ахәҭақәа зегьы реибашьратә операциақәа зегьы рынагӡараан аимадарала реиқәыршәара акәын.

"Ашьаҟақәа ыҵаҳаргылон, аҭелқәа еиԥаҳшьуан, ус афронт азы аимадара еиқәҳаршәон", – еиҭеиҳәеит аветеран.

Хорен Чакриан дызлаз абаталион афронтқәа зегь рыҟны аимадара еиқәнаршәон, иара убас арҽеира-шьақәыргыларатә усқәа мҩаԥнагон.

"Будапешт саныҟаз аамҭазы анемеццәа Жуков ишьҭашәарыцоит ҳәа саҳахьан. Дзыԥшааз аӡиа Риҵа дҭаршьырц адҵа рыҭан. Усҟан дара рхаҟны ирзаагомызт уи аҩыза алахьынҵа дара рхаҭақәа ишырзыԥшыз", – игәалаиршәоит аветеран.

Хорен Чакриан аиааира даԥылеит Чехословакиа.

"Уи амш лаӷырӡыла ҳаԥылеит. Иҳазхаҵомызт аибашьра шалгаз, шаҟа ҳхаҳгаз. Ҳара – еимадарала еиқәзыршәоз, еиҳарак афронт аҟны аԥхьагылацәа рзы ҳагәқәа хыҭ-хыҭуан. Зны-зынла атыл иҳалахысуазҭгьы, афронт аҟны аибашьцәа ирхыргоз шәазхәыц, – азгәеиҭеит Чакриан.

Хорен Чакриан адемобилизациа изун 1948 шықәса, мшаԥымзазы.

Аветеран амедальқәа "Кавказ ахьчаразы", "Германиа аиааиразы", иара убас Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден ианашьоуп.

Иԥсадгьыл ахь даныхынҳә Хорен Чакриан иқыҭа аколхоз аҟны аусура далагеит. Уаҟа иара иахьынӡаилшоз аус иуан. Ақыҭанхамҩаҟны иеихьӡарақәа рзы "Асоциалисттә џьа афырхаҵа" иара убас "Аџьа аветеран" ҳәа ахьыӡқәа ирҳаит.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Хорен Чакриан аветеранцәа ирыдиныҳәалеит Аиааира ду амш.

© Фото : из личного архива Хорена ЧакрянВетеран ВОВ Чакрян Хорен Абрамович
Ветеран ВОВ Чакрян Хорен Абрамович - Sputnik Аҧсны
Ветеран ВОВ Чакрян Хорен Абрамович
Ажәабжьқәа зегьы
0