АҞӘА, мшԥ 22 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ҭырқәтәыла, Қоџьаели акалақь аҟны иахьа иаатит жәларбжьаратәи ахәыҷтәы акәашаратә фестиваль. Уи ҧшьымш имҩаҧысуеит. Ас еиҧш иҟоу афестиваль Ҭырқәтәыла 36 шықәса ҵуеит иазгәарҭоижьҭеи.
Уи хациркит Ҭырқәтәылатәи ареспублика раҧхьатәи ахада Қьемал Мусҭафа Ататиурк. Сынтәа раҧхьаӡа акәны афестиваль ахы аланырхәит Циала Ҷкадуаҧҳа сахьаркыратә напхгаҩыс дызмоу аԥснытәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Абаза". Ари аус аиҿкаара иацхрааит "Аҧсны жәларбжьаратәи афонд" ахада Сонер Гогәуа, Қоџьаели инхо ҳџьынџьуаа Руҳи Цыгәба, Ҳасан Қардиа, иара убас ақалақь анапхгара.
Афестиваль актәи амш даара агәырӷьаратә ҟазшьа аманы имҩаҧысит. Атәылақәа зегьы рҟынтә ахәыҷқәа реиҳабацәа рыцны Қоџьаели ақалақь шьапыла иалсит, анаҩс урҭ идикылеит ақалақь агәубернатор Ҳасан Басри Гьузель-оглы. Иара ахәыҷқәа ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аиҩызара, абзиабара. Аҧснынтә ҳамҭас ианаршьеит ҳтәыла ахаҿсахьа аазырҧшуа асахьа, иара убас амузеи ианаршьеит аҳамҭақәа.
Ҭырқәтәыла имҩаҧысуа афестиваль есышықәса ахы аланархәуеит Татарстантәи ареспублика. Уи ансамбль "Счастливое детство" асахьаркыратә напхгаҩы, Урыстәылеи Татарстани зҽаҧсазтәыз акультуратә усзуаҩ Светлана Ишкузина даара гәахәала илыдылкылоит ас еиҧш агәырӷьаратә ҟазшьа змоу ахәыҷқәа рныҳәа.
"Ҳара ҳансамбль 38 ш ахыҵуеит. Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарра анапхгара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит адунеи ажәларқәа рхәыҷқәа реиҩызара аус иахьахаҵгыло. Ахәыҷқәа ирбо гәныркылоит. Даара ҳаҭырқәҵарыла ҳрыдыркылеит", — лҳәеит уи.
"Аҧсны жәларбжьаратәи афонд" ахада Сонер Гогәуа излазгәеиҭо ала, Аҧснынтә аҧсуаа рхәыҷқәа афестиваль иахьалахәхаз аҵакы ӷәӷәа амоуп.
"Ҳара ҳкультура ӡыраҳгалароуп атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны. Ҭырқәтәыла макьана ҳхьыҧшымра азханамҵац аха, излаҳалшо ала ҳхы ӡыраҳгалароп. Ахәыҷқәа рҧеиҧш лашазы иҳалшо ҟаҳҵалароуп. Ҳара ари аус аиҿкаара фымз иназынаҧшуа ҳашьҭан. Иахьа қәҿиарала ихацыркын аҧхьатәи амш", — азгәеиҭеит Сонер Гогәуа.
Уаҵәы афестиваль аҩбатәи амш иацҵахоит ансамбльқәа рҟазара аӡыргарала.