Гагра Аирман апостолтә уахәамаҿы агәаларшәаратә анцәаиҳәара мҩаԥган

© Фото : Тимур КовеМолебен памяти жертв армянской трагедии прошел в Гагре
Молебен памяти жертв армянской трагедии прошел в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Османтәи аимпериаҟны ихдырҵәаз аиарман жәлар ргәалашәара иазкны Гагратәи аиарман апостолтә уахәамаҟны анцәаиҳәара мҩаԥган.

ГАГРА,  мшԥ 24 – Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ари аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит х-нызқьҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иқәынхо аиарманцәа.

Мшаԥы 24 рзы, адунеи аиарманцәа зегьы иргәаладыршәоит ари алахьеиқәҵаратә мшы, имҩаԥыргоит ахҭыс анаунагӡатәра иазынархоу аусеиҿкаарақәа.

"Аԥсны иқәынхо аиарманцәа Рхеилак ахаҭарнакәа Гагратәи ауахәамахь иааит гәаҟрала зыԥсҭазаара иалхыз ргәалашәаразы, урҭ рыԥсқәа ҭынчхарц иадыркит ацәашьқәа. Иахьа аиарманцәа зегьы адунеи иаладырҵәоит аиарман жәлар рықәхразы имҩаԥгаз ацәгьоура уажәраанӡагьы аӡәгьы ибжьы ахьақәимыргаз. Ари ахлымӡаах адунеи аҟны азхаҵара аиур, ас еиԥш иҟоу ацәгьоурақәа шьаҭанкылара иԥырҟәҟәахон", – иҳәеит Аԥсны аиарманцәа Рхеилак ахантәаҩы Хачик Миносиан.

Гагра имҩаԥгаз агәалашәаратә усмҩаԥгатә рҽаладырхәит Аԥсны анапхгареи, Гагра араион ахадареи рхаҭарнакцәа.

"Аԥсны иқәынхо аиарманцәа Ҭырқәтәылантәи иқәҵыз, ахлымӡаах иацәынхаз рхаҭарнакцәа ҳауп. Ари адгьыл аҟны ҳрыдыркылеит, иахьа уажәраанӡагьы рыгәҭа ҳаҟоуп ҳхьаа еилызкаауа аԥсуа жәлар. Аиарманцәа зегьы рыхьӡала аԥсуа жәлар иҭабуп ҳәа расҳәоит ҳганахьала иаадырԥшыз агәцакразы", – ҳәа азгәеиҭеит Гагра ақалақь аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Гаик Челингариан.

Миллионки бжаки аиарманцәа шьын аҭырқәа инапала. Аԥсныжәлар аҿагылоит ари ахлымӡаах.

Ажәабжьқәа зегьы
0