Ароботқәа, амцатә цәаҟәа, аӡаҟны аҭыхра – ашколхәыҷқәа рыҭҵааратә цәыргақәҵа

Анапаҵаҩра
Аҭҵааратә цәыргақәҵаҟны иаарԥшуп аусумҭақәа абарҭ азанааҭқәа рыла: афизика, аматематика уҳәа, иара убас "Аԥсуара" акәакь.

Гагратәи алицеи-интернат ашколхәыҷқәа имҩаԥыргеит VI-тәи ашколтә ҭҵаара-техникатә цәыргақәҵа Аҟәа ақалақь аҟны, аԥшьаша.

Ахәыҷқәа афизика азакәанқәа аадырԥшуан еиуеиԥшым аекспериментқәа рыла.

Ашколтә цәыргақәҵаҟны еиҿкаан "Аԥсуара" акәакьгьы. Уаҟа ахәыҷқәа рысасцәа ирзеиҭарҳәон Аԥсуара закәу, ҵакыс иамоу.

Аҭҵааратә цәыргақәҵаҟны рхы аладырхәит Гагратәи алицеи-интернат 7-тәи 11-тәи аклассқәа рҵаҩцша, зынӡа 52-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0