АҞӘА, лаҵ 6 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аганглиоз (Гиршпрунг ичымазара) змаз Иракли Цаава Гал араион Хьацҳа ақыҭан, Қырҭтәыла аҳәаа аҟны днаӡаанӡа, амҩа дшықәыз иԥсҭазаара далҵит, ҳәа Sputnik иазаанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.
"Гал араион Лада-Барӷьиаԥ ақыҭа ҟны инхоз Иракли Цаава диит 2002 шықәсаз, ачымазара аганглиоз иман. Дани хымш рышьҭахь ахәыҷы Қарҭ дԥырҟеит. 2002 шықәса инаркны Қарҭтәи ахәыҷтәы ԥҟаҩы-практолог ихылаԥшраҟны дыҟан. Аԥсны аҳәынҭқарратә хәышәтәырҭақәа рахь Иракли Цаава иҭаацәара мнеиӡацызт. Иракли Цаава ичымазара атәы дахьҭаз ашкол адиректори дахьынхоз иқыҭа ахадареи аӡбахә рыздырӡомызт. Иракли иԥсы ҭанаҵы иҭаацәара, Аԥсны атәылауаҩ ишәҟәы, иара Қырҭтәыла атәылауашәыҟәгьы цәырзымгацыз, зныкгьы ақыҭа Лада-Барӷьаԥ, Гал араион ахәышәтәырҭақәа рахь имнеиӡацызт, ҳазҭоу ашықс, лаҵара 4 рзы мацара уахь иаламҵаӡакәа", – ҳәа иарбоуп Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аацҳамҭаҟны Гал араион аҳақьым хада Гьаргь Шьониа иажәақәа.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аацҳамҭаҟны иҳәоуп ақыҭа Лада-Барӷьаԥ аҳақьымцәа лаҵара 4, ашьыжь асааҭ 6:45 рзы ирыԥхьеит. Гал араион ахәышәтәырҭахь аҷкәын дааган ашьыжь, асааҭ 7:30 рзы, уаҟа асмена змаз аҳақьым дгәеиҭет. Ачымазаҩ игәалаҟазаара цәгьан ҳәа шьақәдырӷәӷәеит.
"Иракли Цаава иҭаацәа ахәыҷы Қарҭҟа ишьҭра рыӡбеит, аха амҩа дахьынӡақәыз асааҭ 11:55 рзы игәалаҟазаара еицәахеит. Аҳақьымцәа ирылшоз зегьы шыҟарҵозгьы, лаҵара 4 Хьацҳа ақыҭа, асааҭ 12:15 рзы ахәыҷы иԥсҭазаара далҵит, аҳақьымцәа уи шьақәдырӷәӷәеит, – ҳәа аагоуп Агәабзиарахьчара аминистрра ацҳамҭаҟны.
2015 шықәса, лаҵара 5 рзы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәынамӡара зцыз аҳәамҭа ҟарҵеит, уаҟа иазгәаҭоуп "Аԥсны иҟоу Урыстәыла аоккупациатә мчрақәа рхымҩаԥгашьа иахҟьаны 12 шықәса зхыҵуа Иракли Цаава иԥсҭазаара далҵит" ҳәа.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ишаарыцҳауа ала, лаҵара 4 рзы, Иракли Цаава иҭаацәара Қырҭтәылатәи ахәышәтәырҭахь ирлас дԥырҟарц азы дыиаргар рҭахын. Қырҭтәыла ишышьақәдырӷәӷәо ала, "аоккупациатә мчрақәа рхаҭарнакцәа" иаԥырхагахеит, убри ахаралоуп аҷкәын иԥсҭазаара дшалҵыз ҳәа.