Америка зхаҭара шьақәыргылам ацәгьауаҩ ҩыџьа аполициа аусуаҩцәа ишьит

© Sputnik / Филипп Кравцов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗхаҭара шьақәыргылам ацәгьауаҩы ҩыџьа аполициа аусуаҩцәа ишьит Америка
Зхаҭара шьақәыргылам ацәгьауаҩы ҩыџьа аполициа аусуаҩцәа ишьит Америка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ари ахҭыс ҟалеит ақалақь Хаттисберг асабшаҽны асааҭ 4 рзы аҭыԥантәи аамҭала. Ахәрақәа зоуз рыҩџьегь ахәшәтәырҭахь инаган, аха аҳақьымцәа акгьы рылымшеит.

АҞӘА, лаҵ 10 – Sputnik. Зхаҭара шьақәыргылам ацәгьауаҩ ҩыџьа аполициа аусуаҩцәа ҭаирхеит Америка аштат Миссисипи аҟны. Ари ахҭыс ҟалеит аполициа аусуаҩцәа ацәгьауаҩ дзықәтәаз амашьына агәаҭараз ианааныркыла. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Америкатәи аҭыжьымҭа Clarion-Ledger аинформациа ала.

Ари ахҭыс ҟалеит ақалақь Хаттисберг асабшаҽны асааҭ 4 рзы аҭыԥантәи аамҭала. Ахәрақәа зоуз рҩыџьегьы ахәшәтәырҭахь инаган, аха аҳақьымцәа акгьы рылымшеит.

Уажәы ақалақь ашәарҭадаратә усбарҭақәа ацәгьауаҩ иаанкыларазы аусқәа мҩаԥыргоит. Урҭ ргәаанагарала, ауаҩшьрақәа ҟазҵаз иишьыз рмашьына ӷьычны иҽиӡеит, дзықәтәаз амашьына ԥыҭрак ашьҭахь аихамҩа азаааигәара ишгылаз рбеит. Ақалақь Хаттисберг ахада Джонни Диупри ауаажәлар ирылеиҳәеит рыҩнқәа ирдәылымҵырц ацәгьауаҩ дааныркылаанӡа.

Аҭыжьымҭа излаанацҳауа ала, аполициа аусуаҩ ишьра ари ақалақь аҟны иҟамлеижьҭеи 30 шықәса ҵуеит. 


Ажәабжьқәа зегьы
0