Гаделиеи Ешԥҳаи Ессентукии Кисловодски иқәгылоит

© Фото : Алан ВоубаЛука Гаделиеи, Кристина Ешԥҳаи рықәгылара. Архивтә фото.
Лука Гаделиеи, Кристина Ешԥҳаи рықәгылара. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа музыкантцәа рықәгыларақәа мҩаԥысуеит Васили Сафонов ихьӡ зху Нхыҵ-Кавказтәи афилармониа аҟны. Лаҵарамза 11 рзы, Ессентуки Федор Шалиапин ихьӡ зху азал аҟны, лаҵарамза 12 рзы Кисловодсктәи ауарӷантә зал аҟны.

АҞӘА, лаҵ 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа музыкантцәа, ауарӷанарҳәаҩ Лука Гаделиеи, ашәаҳәаҩ Кристина Ешԥҳаи, Пицундатәи ауарӷан 40 шықәса ахыҵра ахьӡала Урыстәыла ақалақьқәа рҟны рконцертқәа ирыцырҵоит.

Жәларбжьаратәи акультуратә марафон "Пицундатәи ауарӷан 40 шықәса ахыҵра иазкны" иацҵахоит Ессентукии Кисловодски.

Маритәи Е. Сапаев ихьӡ зху абалети аопереи рзы аҳәынҭқарратә театр. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи Кирови Иошкар-Олеи иқәгылоит

"Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира агара 70 шықәса аҵра азгәаҭара ашьҭахьи, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 70 шықәса аҵра аламҭалази аконцертқәа рымҩаԥгара, асимволтә  ҵакы амоуп, избанзар, аибашьраҿы Аиааира агареи, Владислав ду илшареи роуп ҳкультура еиқәхартә аҭагылазаашьа ҟазҵаз", — иҳәеит Лука Гаделиа. 

Аԥсуа музыкантцәа рықәгылара еиқәыршәоуп ауарӷанарҳәареи, ашәаҳәареи рыклассикатә ԥҵамҭақәа рыла. 

Лаҵарамза 11 рзы Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи Ессентуки, Федор Шалиапин ихьӡ зху азал аҟны иқәгылоит, лаҵарамза 12 рзы Кисловодсктәи ауарӷантә зал аҟны.

Васили Сафонов ихьӡ зху Нхыҵ-Кавказтәи афилармониа Урыстәыла ижәытәӡатәиқәоу рахь иаҵанакуеит, иргылан уи 1895 шықәсазы. 


Ажәабжьқәа зегьы
0