Аԥсны аҿар Владислав Арӡынба идҳәалоу ргәалашәарақәа ҳацеиҩыршеит

© Sputnik / Владимир ВяткинВладислав Арӡынба , Аԥсны раԥхьатәи ахада
Владислав Арӡынба , Аԥсны раԥхьатәи ахада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба имшира аҽны аҿар рабиԥара ахаҭарнакцәа ргәалашәарақәа ҳацеиҩыршеит.

АҞӘА, лаҵ 15 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи 22 шықәса ҵуеит. Уи аамҭа иалагӡаны аҳәынҭқарра аҟны абиԥара ҿыц гылеит.
Аԥсны аҿар ртәыла афырхацәа ргәалашәара пату ақәырҵоит, абри атәы Sputnik акорреспондент иаиҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарратә университет астудент Инал Адлеиба.

Иара иажәақәа рыла, иқәлацәа Арӡынба раԥхьаӡа дызбаз рҟынтәи имаҷҩуп згәалашәарақәа нхаз. Аԥсадгьыл абзиабареи, ажәлари иузаҟәымҭхуа иаду ихьӡ иадҳәаланы абиԥара ҿыц ирызҳауан, ҳәа азгәеиҭеит Адлеиба.

"Сара саби хҩык иашьцәеи иаҳәшьеи афронт аҟны еибашьуан. Ҳара ҳҭаацәараҟны Владислави аԥсадгьыл абзиабареи ирацәаны ҳалацәажәоит.  Иара иоуп атәыла хәыҷы адунеи аҟны ахатә ажәа, ахатә интересқәа рыхьчара азин шамоу агәра ҳзыргаз", – иҳәеит Инал Адлеиба.

Владислав Арӡынба раԥхьатәи имашьына амузеи иаҭоуп

Адлеиба иазгәеиҭеит, Владислав Арӡынба Аԥсны жәлар еснагь ԥызас дырхагылан, иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы ԥызас дшынхо.

Иара иажәақәа рыла, Аԥсны апатриот Владислав Арӡынба иахьатәи Аԥсны аҳәынҭқарра ашьақәыргылараан илагала дууп. Иара убасгьы ажәлар ирхыргахьоу агәаҟрақәа рҿаԥхьа аҭоурых ихашҭыргьы ауӡом, ҳәа игәаанагара иҳәеит Инал Адлеиба.

"Сара сгәаанагарала аҳәынҭқарра хәыҷы зынӡа ахьыԥшымра аиура зыҟалаӡом. Аха иахьатәи Аԥсны иҟоу ахьыԥшымра ацәанырра даара ихадароуп, уи абиԥара ҿыц астимул рынаҭоит", – иазгәеиҭеит Адлеиба.

Инал Адлеиба Аԥсны жәлар Рԥыза ихьӡынҩыланы иҩыз ажәеинраала Ешыра Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны ишьҭоуп. Ажәеинраала ҩын Владислав Арӡынба иԥсҭазаара даналҵ аҽны.

"Владислав Арӡынба иԥсра схатә трагедиаа акәны исыдыскылеит. Исгәалашәоит, уи ажәабжь еиқәаҵәа ҳашкол адиректор иҳалалҳәеит. Ашкол ашҭаҿы минуҭктәи аҿымҭрала даҳгәалаҳаршәеит. Уи ажәабжь ҳаршанхеит, зынӡа иҟаҳҵо ҳзымдыруа ҳақәхеит. Уи амш ацәаныррақәа роуп ажәеинраала иашьаҭахазгьы", – еиҭеиҳәеит Инал Адлеиба.

Владислав Арӡынба Аԥсны аамҭа цәгьа ианҭагылаз азы ахагылара илахьынҵан, имаӡамызт алхра, ҳәа игәаанагара иҳәеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет жәларбжьаратәи аҟәша астудент Леуан Лагәлаа, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз иара хәы шықәса ракәын ихыҵуаз.

"Аибашьра раԥхьатәи агәалашәара – саб иаҳәшьа аҩныҟа дыҩны дааиуан: "Аибашьра алагеит!" ҳәа дыҳәҳәо. Нас авертолиотқәа, аҳаирпланқәа уҳәа егьырҭ агәалашәара бааԥсқәа. Дара – амч рацәа змоу агыгшәыгқәа, ҳара – зымч маҷыз ажәлар хәыҷы, аха дыҟоуп Владислав ҳзыхьчо, иара ивара шәарҭаӡам, абарҭ ахәыцрақәа сыцрыҵуамызт", – иҳәеит Леуан Лагәлаа.

Владислав Арӡынба абаҩхатәра змаз ҵарауаҩын, ижәлар рҭоурых бзианы идыруан, уи иадҳәалоу зегьы дрызҿлымҳан, ҳәа игәаанагара иҳәеит Лагәлаа.

"Азныказы еилкаахеит Владислав баша аҭоурых аҭҵаара заҵәык аҟны дшаанымгыло, Владислав иара аԥҵара, аҩра далагеит", – иазгәеиҭеит иара.

Владислав Ардзинба изы аҿагылара аӡбара зегь раасҭа ихадази ишәарҭази ӡбамҭан, иара уи ауп зегь реиҳа ииашазгьы, азгәеиҭеит Лагәлаа.

"Ҳара зхы иақәиҭу атәылаҟны иҳазҳаит. Қырҭтәылантәи ма Мраҭашәарантә Аԥсны еиҭа Қырҭтәыла иадлароуп ҳәа ацәажәарақәа ансаҳауа, иџьасшьоит. Ҳара ҽакоуп ҳзышьццылоу, уи ҳхахьгьы иаҳзаагом. Ус еиԥш иҟоу ажәалагалақәа Аԥсны аҿар – абипара ҿыц ахаангьы иалацәажәаӡом", – иҳәеит Леуан Лагәлаа.

Владислав Арӡынба аибашьра аан раԥхьаӡакәны иӡбахә лаҳаит афилолог Рада Ҵәыџьԥҳа.

"Усҟан сара хәы-шықәса ракәын исхыҵуаз, – азгәалҭеит Ҵәыџьԥҳа, – аинформациа усҟан иахьҳауаз арадио заҵәык аҟынтә акәын. Усҟан Владислав иқәгыларақәа ргәы хыҭ-хыҭуа ҳарзыԥшын. Аҩны Славик ҳәа иарҳәон, иажәақәа еимырдон. Ҳара ҳахәҷқәамзи, ҳаб иашьа Славик иакәыз џьаҳшьон, ихьыӡ ҳҿан".

Рада Ҵәыџьба лгәаанагарала Владислав Арӡынба СССР Иреиҳаӡоу Асовет аҟны иқәгылара ашьҭахь Аԥсны иахагылахоз деилкаан. Аԥсны аҭоурых азы ихаҭара амҽхак ишаҭаху ахә узшьом, убас идууп.

"Исгәалашәоит, Владислав Мықә аҽырыҩрахь даннеи амш. 1998 шықәсазы акәын. Ажәлар рыбжьара, Арӡынба дааит, ҳәа шеибырҳәоз саҳауан. Ауаа сырхыҳәҳәаны дызбар сҭахын. Усҟан даара иџьасшьеит иара ауаа рахь дышцәырҵыз, ачиновникцәа реиԥш акәӡам. Аразина калошқәа ишьаҵаны ауаа зегь дрылаланы аԥсшәа реиҳәон. Владислав ахаангьы ижәлар аасҭа дҳаракны иҽыҟаиҵаӡомызт. Иара иласра, имариара угәамԥхар залшомызт", – лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит Ҵәыџьба.

Владислав Арӡынба – Аԥсны раԥхьатәи Ахада, аҭоурыхҭҵааҩ, афилолог, амифологиақәа, акультура иара убас Азиа Маҷ ажәытә жәларқәа рыҭҵааразы аспециалист, хаҭала ҳаттааи хеттааи, аҭоурыхтә ҭҵаарақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Адыга жәларбжьаратәи Аҭҵаарақәа ракадемиа академик, Кондуровсктәи апремиа жәларбжьаратәи алауреат. Аԥсны Афырхаҵа, аорден "Ахьӡ-аԥша" актәи аҩаӡара акавалер.

1990 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны иреиҳаӡоу Асовет хантәаҩыс далхын. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага ажәлар амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара дахагылеит. 1994 шықәсазы абҵара 26 рзы, Арӡынба Аԥсны Ахадас далхын, 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы — ахадарахьы деиҭалхын.

Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса, хәажәкыра 4 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0