70 шықәса рышьҭахь иԥшаауп Аибашьра ду иалахәыз аԥсуа фырхаҵа иҳаҭгәын

© Sputnik / Томас ТхайцукАџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Леуарса Ашәба
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Леуарса Ашәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
70 шықәса раԥхьа аибашьра ду далаӡит, иҩныҟа дзыхнымҳәит аветеран Леуарса Ашәба иашьеиҳаб Сҭеԥана. Уи ихабар ҳәа акгьы рыздыруамызт иҭаацәа, аха иҟазар акәхарын гәыӷрак уеизгьы, издыруада мышкымзар мышкы иԥсырҭа, иӡырҭа ҳаҳауазар ҳәа.

АҞӘА, лаҵ 18 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аинформациатә маҵзура Sputnik апроект "Аиааира ду ҳзаазгаз" алахәыла, Аибашьра ду аветеран Леуарса Ашәба сынтәа, Аиааира амш ныҳәа аҽны 70 шықәса раахыс зхабар ыҟамыз, 1945 шықәсанӡа афронт аҿы еибашьуаз иашьеиҳаб Сҭеԥана ибаҩ анышә иахьамадоу еиликааит.

Леуарса Ашәба имаҳә (иԥҳа лыԥшәма) аинтернет аҟны иаԥҵоу аветеранцәа ирызку иҷыдоу асаит аҟны иԥшааит Сҭеԥан иԥсыжырҭа. Уи анышә дамадазаап Краснодартәи атәылаҿацә, аибашьцәа рзеиԥш нышәынҭраҿы. Ари заҳаз Леуарса Ашәба акырӡа игәы арԥшааит.

"Абри ахҭыс сахаанхарц азы акәзаап абриаҟарагьы знысҵаз", — иҳәеит уи илаӷырӡқәа изеиқәымҳәыло, аҳәарагьы ҟаиҵеит иҭаацәа рахь, иашьа анышә дахьамадоу дыргарцы. 

70 шықәса раԥхьа аибашьра ду далаӡит, иҩныҟа дзыхнымҳәит иара иашьеиҳаб Сҭеԥана Ашәба. Уи ихабар ҳәа акгьы рыздыруамызт иҭаацәа, аха иҟазар акәхарын гәыӷрак уеизгьы, издыруада мышкымзар мышкы иԥсырҭа, иӡырҭа ҳаҳауазар ҳәа.

Ааи, ргәыӷрақәа ирмеижьеит, Сҭеԥана иҭынхацәа. Сынтәа, лаҵара 9 рзы, Аиааира амш идырныҳәаларц Леуарса Ашәба иҭааз асасцәеи, ауацәеи рхыԥхьаӡара рацәан. Еснагь злакҭақәа ччо абырг, шаҟа гәырҩа игәаҵа иҭаҵәахзеи. Аха уи инмырԥшкәа, игәалаиршәон, еизаз ирзеиҭеиҳәон аибашьра адәаҿы дзықәшәаз ахҭысқәа.

“Аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳагьы исныруеит иаҳхаҳгаз закә џьамыӷәа цәгьаз, иацы еилгазшәоуп аибашьра схаҿы ишааиуа, шаҟаҩгьы рыҩныҟа изыхнымҳәзеи. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп сара сашьеиҳабгьы Сҭеԥана Ашәба“, — дцәажәон Леуарса, зхабар ыҟамижьҭеи 70 шықәса ҵыз иашьеиҳаб Сҭеԥана дигәаларшәо.

Ирҳәоит, аҭоурых ашьҭа ыӡӡом ҳәа. Шәышықәса ирзааигәоу, Очамчыра араион, Џьгьарда ақыҭан инхо, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Леуарса Ашәба изы арыцхә маи 9 иашаҵәҟьаны иԥсҭазаара иузаҟәымҭхо рахәыцны иаанхеит. Ахьаагареи, агәырҩеи, алаӷырӡи, агәалашәарақәеи зцу, иԥшьоу Аиааира аныҳәамш, иҟалап, Леуаса Ашәба изы сынтәа зегь раасҭа игәырӷьаҿҳәашахазар.

Иаарласны, Леуарса Ашәба Краснодарҟа дрыманы амҩа иқәлоит, иашьа инышәнап Аԥсныҟа иааргаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0