Артур Амқәаб Амилаҭтә библиотека аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа гәеиҭеит

© Sputnik Томас тхайцукАртур Амқәаб Амилаҭтә библиотека аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа гәеиҭеит
Артур Амқәаб Амилаҭтә библиотека аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа гәеиҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аиҭашьақәыргылара иалагеит 2012 шықәсазы.

АҞӘА, лаҵ 19 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Артур Амқәаб даҭааны ибеит Амилаҭтә библиотека аҟны, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара акомплекстә план инақәыршәаны, аиҭашьақәыргыларатә усқәа шцо. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

"Аргыларатә-монтажтә усқәа хыркәшахоит лаҵарамза анҵәамҭазы. Амилаҭтә библиотека иаарласны аусура аларгара ҳтәыла акультуреи аҭҵаарадырреи рзы аҵак ду амоуп", — иҳәеит Артур Амқәаб.

Амилаҭтә библиотекаҟны аиҭашьақәыргыларатә усқәа шцо агәаҭараз инеит иара убас, Урыстәыла ахада иадминистрациаҟны СНГ атәылақәеи Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи асоциалтә-економикатә еизыҟазаашьақәа рзы аусбарҭа аиҳабы Денис Травин, Аԥсны ахада иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Астҭмыр Аппба, акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аиҭашьақәыргылара иалагеит 2012 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0