Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы аспектакль "Симра" ашколхәыҷқәа дырбара мҩаԥыргеит Аҟәа ақалақь ахадара, Аҿартә политиказы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы, Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак, Акультуреи, аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи аминистрра.
Рушьбеи Смыр иҭоурыхтә поема "Симра" аҟны XIX-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Кавказ иҟаз аубыхцәа рхырҵәара хлымӡаах аҭоурых аныԥшуеит. Уи зыхьӡынҩылоу аубых ҭыԥҳа Симра дыҟаҵәҟьоуп. Апоема асиужет хыҭхәыцааӡам, апоет Рушьбеи Смыр Аԥсны жәлар аибашьраҿы аиааира анырга, Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспора гәырӷьаҿҳәаша иманы данрызца лара уаҟа ҭырџьманра изылуан, 22 шықәса лхыҵуан. Симра апоет диазҵааит "ҳҭоурых зеиԥшроузеи, сыжәлар абас изырлахьынҵахазеи?" ҳәа. Уи лызҵаарақәа рҭак аҟаҵара иахҳәаахеит игәыҭшьаагоу апоемагьы. Апоема 207 куплет рыла ишьақәгылоуп.
XIX ашәышықәсазы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рымамызт. Аԥсуаа амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа 50 тәыла рыҟны инхоит. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла иқәынхоит.