Амшын аҳәаахьчацәа Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Анапаҵаҩра
Аҧсны аҳәынҭқарраҟны аус зуо Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура аусзуаҩцәа амшын аҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргеит.

Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа ахьчаратә катерқәа рдивизион аусзуҩцәа Аҧсы амшынтә еимадареи амшын аҳәааҟны аҧшаҳәатә обиектқәеи рзы аҽазыҟҵарақәа мҩаҧыргеит, абри атәы иааицҳауеит аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура аиҳабы Сергеи Огнев. 

"Аҽазыаҵарақәа еиҿкаауп амшыни аҧшаҳәеи рҟынтәи ашәарҭарақәа раҧыхразы. Раҧхьатәи аетап аҟны акатерқәа рбаза иадҳәалоу азҵаарақәа еилырган. Аҩбатәи аетап аҟны амшын ахылара, ахысра, ааха зауз акатерқәа аевакуациа рзура", — иҳәеит Огнев. 

Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә катерқәа рдивизион анапхгара Аҧсны аҳәынҭқарратә амшынтә ҳәаақәа рыхьчара иазкуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0