Арратә ԥышәарҭа "Ашулук" аҟны аҵыхәтәантәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит

Анапаҵаҩра
Урыстәыла Арратә округ хада иаҵанакуа аҳауахьара авициа амчхара агәаҭаразы аҵыхәтәантәи аетап мҩаԥысит аԥшьашаҽны, аполигон Ашулук аҟны. Шәахәаԥш авидео аҟны арраҭә-ҳауатә мчрақәа рекипаж аракета-авиациатә хысрақәа шаҿаԥырҽуаз.

Агәаҭараан реиҳа азҿлымҳара зырҭо ак акәны иҟоуп авиациатә системақәа шаҟа иласны аӷа иҿагылара рҽаздырхио.

"Аԥышәарҭа "Ашулук" аҟны аҵыхәтәантәи агәаҭаратә етап аан авиациатә мчрақәа қәҿиарала ихыҭхәыцаау аӷа ижәылара ааныркылеит", — иҳәеит Урыстәытлатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Игор Конашенков.

Агәаҭарақәа шцоз хаҭала аԥышәарҭахь дааны дахәаԥшуан Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.

Иааидкыланы агәаҭара иалахәын 12 нызқьҩык аруаа, ахархәара рыҭан 250 ҳаирпланқәеи аҵәиԥрыгақәеи, 700 рҟынӡа абџьар хкқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0