Аинтернет ахархәаҩцәа рхатә информациа абанӡахьчоу

Анапаҵаҩра
Изызҵааз рҟынтә 9% ргәаанагарала, акорпорациа дуқәа "ирылшо зегь ҟарҵоит акаҭаҟны ахархәаҩцәа ринформациақәа рыхьчаразы, иара убас ахрхәаҩцәа ринформациа рыҭара азҵааразы аҳәынҭқарратә структурақәа ирымадаӡам". Еиду Америкатәи Аштатқәа рыҟны уи агәаанагара иадгылаз 11% роуп.

Азҵаара мҩаԥнагеит акомпаниа  ICM Research жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik азы апроект Sputnik.Агәаанагарақәа (Sputnik.Polls) аҳәаақәа ирҭагӡаны 2015 шықәса, хәажәкыра 20 инаркны мшаԥымза 9-нӡа. Азҵаара мҩаԥган Британиа Ду, Франциа, Германиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа атәылақәа рыҟны. Азҵаара рыҭан 4000-ҩык (1000-ҩык тәылацыԥхьаӡа). Азҵаара рыҭан еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны инхо, қәрала еиуеиԥшым аҳәсеи ахацәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0