Абатальон "Горец" 13-ҩык аибашьцәа Ахьӡ-аԥша абаҳчаҟны иржит

© Sputnik Томас ТхайцукАхьӡ-аԥша абаҳча. Аҭыԥантәи афото.
Ахьӡ-аԥша абаҳча. Аҭыԥантәи афото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ахьӡ-аԥша абаҳчаҟны ижу 1992-1993 шықәсқәа рзы иҭахаз идырым аибашьцәа рыԥсыбаҩқәа реилкааразы аексгумациа алагеит 2013 шықәса, рашәара 15 рзы.

АҞӘА, рашә 4 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьха Аҳбҩы иҭахаз абаталион "Горец" аибашьцәа 13-ҩык Аҟәа, Ахьӡ-аԥша амемориал аҟны анышә рамадара ацеремониа, аԥшьаша, рашәара 4 рзы имҩаԥысит.

Абаталион "Горец" аибашьцәа реиҭажраан рыуацәеи рҩызцәеи, ирыцеибашьуази, аҳәынҭқарра ахадареи алархәны имҩаԥысит.

"Аибашьра цонаҵы абаталион 46-ҩык аибашьцәа ацәыӡит. Ирацәаҩуп аорденқәеи амедалқәеи занашьоу. Авертолиот ашьха Аҳбҩы ишахаԥыруаз ишԥыржәазгьы, аибашьцәа ажәылара рыдыркылеит. Уи аиҿаххараан 26-ҩык афырхацәа ҭахеит, хә-ҩык хабарда ибжьаӡит, зыԥсы ҭаны инхаз 15-ҩык роуп. Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз афырхацәа хашҭра рықәымзааит", –иҳәеит абаталион "Горец" акомондир Вианор Ашба.

Имҩаԥгаз аекспертиза ишьақәнаргылеит аибашьцәа Зураб Гындиа, Валери Габечиа, Мурҭаз Гогьиа, Витали Ибрагимов, Владимир Каленџьиан, Алмас Қапба, Роберт Кәаӡба, Витали Кәыбраа, Варлам Лакербаиа, Михаил Ҭарба, Ҭамаз Мышәба, Валентина Пацациа-Амҷба, Ҭамаз Ҳаџьымба, Хизана Чакориа рхаҭарақәа.

Ахаша, рашәара 3 рзы, аибашьцәа руаӡәк Роберт Кәаӡба иԥсыбаҩ Тҟәарчал анышә иарҭеит.

Хабарда ибжьаӡыз аибашьцәа рхаҭарақәа рышьақәыргыларазы аексперизақәа Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь ахылаԥшра арҭоит. Уи азы аусқәа ирылагеит 2013 шықәса рашәара 15 инаркны.

Аексгумациа амҩаԥгаразы Аԥсныҟа иааит Аргентинатәи аӡбара-медецинатә, антропологиатә центр ахада Лиуис Фондебридер дызхагылоу асудмедекспертцәа ргәыԥ.

Аексгумациазы аусураан аԥсыбаҩқәа зтәу рхаҭарақәа рышьақәыргыларазы 150-ҩык инарреиҳаны ДНК анализқәа рымхын. Урҭ 1993 шықәсазы Марттәи ажәылараан иҭахази, Аҳбҩы ашьхаҽы иҭахаз аибашьцәеи рыуацәа роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0