Агазеҭ "Гал" 20 шықәса ахыҵит

© Sputnik Томас ТхайцукАгазеҭ "Гал".
Агазеҭ Гал. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1995 шықәса, рашәара 4 агазеҭ "Гал" рапхьатәи аномер ҭыҵит.

АҞӘА, рашә 4 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Ауаажәларра-политикатә газеҭ "Гал" раԥхьатәи аномер  ҭыҵит 20 шықәса раԥхьа 1995 шықәса, рашәара 4 рзы.

"Раԥхьатәи агазеҭ ажәытә полиграфиа ала иҭыжьын. Аибашьра ашьҭахь атехника ԥхасҭан, аха снапқәа рыла аибыҭара сылшеит. 1999 шықәса 2004 шықәсанӡа аусра аамҭала иаанкылан – еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны агазеҭ ҳазҭыжьӡомызт. Аха нас агазеҭ еиҭаҭҳажьо ҳалагеит", – игәалаиршәоит Салаҟаиа.

Араионтә газеҭ аредактор хада иажәақәа рыла, агазеҭ егьырҭ изларылукааша ҩ-ҷыдарак ыҟоуп.

"Раԥхьаӡа иҳәатәуп агазеҭ аматериалқәа х-бызшәакны ишаныло: ԥсышәала, урысшәала, гыршәала. Иҩбахаз "Гал" заҵәык ауп Аԥсны аҵакыраҿы гыршәала иҭыҵуа – уи ала аматериалқәа рыҩраан ақырҭуа шрифт ҳхы иаҳархәоит. Агазеҭ ақалақьтә типографиа аҟны иаҳкьыԥхьуеит. Иахьа агазеҭ атираж 1000 екземплиар рҟынӡа инаӡоит. Аредакциа иазыҟарҵо аматериалқәа аҭыԥантәи аԥхьаҩцәа ирзынархоуп", – агазеҭ ашьаҭаркҩы иазгәеиҭеит.

Ныгәзар Салаҟаиа иареи иредакциа аусзуҩцәеи зҿу аус азы изныкымкәа ақырҭқәа рықәлахьеит ҳәа еиҭеиҳәеит.

"Ҳара ҳаӷәӷәоуп. Аҭыжьра ишаԥырхагоугьы аус аанкылахаӡом. Ақалақьуаа рзы агазеҭ хәарҭоуп. Иахьа иара ԥшь-даҟьак амоуп, зны-зынла фба-ааба даҟьа амангьы иҭыҵуеит. Ааигәа мызкахьы знык акәын ианҭыҵуаз, уажәы ҩынтә иҭыҵлоит", – иҳәеит Салаҟаиа.

Агазеҭ аредакциа аусзуҩцәа рныҳәамш рыдиныҳәалеит агазеҭ “Республика Абхазия” аредактор Иури Ҟәыраскәуа. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, агазеҭ ишаныло араион иазыхәарҭоу аматериалқәа рацәаны.

"Иазгәасҭар сҭахуп, агазеҭ "Гал" мацара шакәу араион аҿы иҭыҵуа. Уаҟа ианылоит араион адагьы, аҳәынҭқарра аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәеи, ажәабжьқәеи. Агазеҭ "Гал" 20 шықәса раԥхьа ихацыркын, аибашьра ашьҭахь иаразнак ҳҳәар ҳалшоит, Аԥсны аамҭа цәгьа ианҭагылаз аамҭазы. Еиҳароак уи зыбзоуроу агазеҭ аредактор хада Ныгәзар Салаҟаиа иоуп. Иареи напхгара ззиуа аколлективи ари аныҳәамш рыдысныҳәаларц сҭахуп. Зны-зынла ауадаҩрақәа шрызцәырҵуагьы, агазеҭ аҭыжьра ааныркылаӡом", – иҳәеит Кәараскәуа.

Агазеҭ "Гал" аиубилеитә номер аҭыжьымҭа аҭоурых иазкуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0