Апырпыл џьыка: ажәытә аҳаҟьаҿы ирхуази уажәтәии ргьама узеидкылома?

© Sputnik Томас ТхайцукАпырпыл рыԥхра
Апырпыл рыԥхра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭагылоу аамҭазы, аҳаҟьаҿы аџьыка зхуа аҳәса рхыԥхьаӡара маҷуп. Аҳаҟьа иаԥсахит аџьыкахра аус зырмарио, аха ахаҭабзиареи агьамеи лазырҟәуа амаҭәахә.

АҞӘА, рашә 9 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Иарбан ԥсыуа ҭаацәароу, зыкҿаҩра аџьыка ҟаԥшь агны иҟалахьоу? Ицаҳәцаҳәуа, афҩы лаҳалаҳауа, изыуҭалак афатә агьама анамҭар залшом. Избан аԥсуаа, аџьыка абриаҟара пату ақәны изырыԥхьаӡо? Ҳазааҭгылап маҷк аҭоурых.

Аԥсуа чеиџьыка - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чеиџьыка агәылаԥшра

Акыр шықәса уажәаԥхьа, ааԥынра аамҭазы, ахьшьцәа арахә рыманы ашьха ианкыдлоз, аԥшәмацәа арахә зтәыз, аџьыкхыш рыҭаны ирышьҭуан. Избанзар, аџьыкхыш арахә ирфар, аӡы рацәаны иднаржәуеит, ибзианы иарҳәуеит, иагьрыцнаҵоит ҳәа иԥхьаӡан. Усҟантәи аамҭазы, аџьыкхыш аиура цәгьан, зегьы ирзаахәомызт.  Убри аҟынтә, зырахә ашьха иказцоз ауаа, рыхьшьцәа ирцәырымӷьычырц азы, ирырҭоз аџьыкхыш апырпыл ҟаԥшь алаҵаны иҟарҵон. Ишырҳәо ала, убрантәоуп иахьаауа аԥсуаа, афатә ҟаҵаразы рхы иадырхәо апырпыл џьыка  ҟаԥшьы ахьӡ. Ус ишнеинеиуаз, апырпыл цьыка ҟаԥшьы ауҭраҭыхжәлақәа аларҵо иалагеит.

"Сара 89 шықәса схыҵуеит. Сшыхәыҷз Отаԥ снанагеит. Уброуп аџьыкахышьа ахьызбаз. Санхәа ислырҵеит. Аҳаҟьа ашьапы аҵаҵаны иргыланы илыман, аԥхныгагьы ацын. Аҳаҟьа инықәылҵон апырпыл, араҳана, аџыш, ахәысхәа уҳәа ауҭраҭыхжәлақәа. Иҳамаз ахкқәа зегьы алаҵаны, аџьыка ҳархаауан. Асақә еиԥш иаҳхуан. Ақәҵа нықәҵаны снапала арашых ылысхуан. Ачаԥа ҟаҳҵозаргьы, хәылума, капустома аҳаҟьаҿы ихны иаақәаҳхуан. Уажәы афатә хкқәа рацәоуп. Аха, ажәытә даҽа гьама хаак рыман. Иаҭахыз амарҭхәқәа адгаланы, ахәысхәа џьыкагь ҳхуан. 1956 шықәсазы, аџьыка злархуа амаҭәахә ҿыц соуит. Сгәырӷьеит, снапқәа  рыԥсы ршьеит ҳәа. Аха санхәа дазыразымхеит: мап, нан, сара уи ала аџьыка хны исфаӡом, лҳәеит. Саргьы лҳәатәы сахымԥеит", — ҳәа ҳзеиҭалҳәеит иахьа уажәраанӡа аҳаҟьаҿы аџьыка зхуа Наҭела Адлеиԥҳа.

© Sputnik Сырма АшәԥҳаШамониа Қапԥҳа аҳаҟьаҿы аџьыка лхуеит
Шамониа Қапԥҳа аҳаҟьаҿы аџьыка лхуеит - Sputnik Аҧсны
Шамониа Қапԥҳа аҳаҟьаҿы аџьыка лхуеит

"Ажәытә аҳаҟьаҿы иаҳхуаз аџьыкеи, уажәтәи ргьама узеидкылома, нан?! Сара исымоу аҳаҟьа шәышықәса иреиҳауп. Пату ақәаҳҵоит ижәытә џьынцьуп ҳәа. Лассы-лассы акәымзаргьы, зны-зынла ҳхы иаҳархәоит. Ҳнапы иҵҳамхуаз иарбан?  Аџьабаа ҳбон. Аҭаҭын ааҳрыхуан, ачаи ҿаҳхуан, аҟанҷ ҳааӡон… Уажәы ишәыбаргыузеи, нан. Аԥсынҵры Анцәа ишәиҭааит! Ажәытәра пату ақәышәҵала. Аԥсуа чеиџьыка аҳаҭыр ҳаракыуп", — дҳацәажәон Хәап ақыҭа инхо, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Шамониа Капԥҳа.

"Сара сгәаанагарала, ҳандуцәа аҳаҟьаҿы ирхуаз аџьыка агьамагьы ахаҭабзиарагьы еиҳа еиӷьын. Иахьа алшара ахьҳамам иахҟьаны, аҧҳәыс леилахара азгәаҭаны, аџьыкахыга амыругақәа рахь ҳмиасыр амуа иҟалеит. Уажәы иаҳхуа аџьыка, агьама ҳашьцылеит, ибзиоушәа ҳбоит, аха ахаҭабзиара еицәоуп. Аҳаҟьаҿы иухуа аџьыка, хымҧада агәабзиаразы хәарҭара алоуп", — ҳәа азгәалҭоит иахьатәи аџьыкахыга зхы иазырхәо Ҭамила Арышҧҳа.

Дарбану Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааны, аџьыка агьама мбакәа, иаамхәакәа, аҩныҟа ихынҳәхьоу? Ииашаҵәҟьаны, аԥсуа пырпыл џьыка ҟаԥшьы ҳмилаҭтә чыс хадақәа ируакны иԥхьаӡоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0