Аԥсны агеографиатә обиектқәа рнаџьнатә хьыӡқәа рыздырхынҳәуеит

© Sputnik Томас ТхайцукФрагмент физической карты Абхазии
Фрагмент физической карты Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи агеографиатә еилазаара аҳәамҭа ҟанаҵеит ареспублика атопонимқәа рнаџьнатә хьыӡқәа шрыздырхынҳәуа азы. Ари аус знапы алаку х-нызқь географиатә обиект ашәҟәы ранҵара мҩаԥыргахьеит.

АҞӘА, рашә 10 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Атопонимика аусхкы аҟны азанааҭуаа иаздырхиеит х-нызқь инареиҳаны Аԥсны агеографиатә обиектқәа рпаспортқәа ҳәа  Sputnik акорреспондент адырра ииҭеит Аԥснытәи агеографиатә еилазаара апрезидент Леуард Барцыц.

Иара иажәақәа рыла, асиа азырхиараан азанааҭуаа  ҵаҵӷәны ирыман акыршықәсатәи русурақәа ирылҵшәоу адыррақәа. Аобиект апаспорттә дыррақәа ирыҵаркуеит иара акоординатқәа, аҟазшьа ҷыдақәа, арельиеф аформа, урысшәала атопоним атранскрипциа иаша.

"Ҳара гәҭакны иҳамам аҭыԥхьыӡқәа рыԥсахра, ҳара урҭ реиҭашьақәыргылароуп хықәкны иҳамоу. Ҳгеографиатә обиектқәа ажәытәӡаахыс ирымаз рыхьӡқәа рзырхынҳәтәуп. Иахьатәи аамҭазы урҭ акыр еиҭакуп. Аҭҵааҩцәа аӡәырҩы ирҭаху ахьӡқәа рырҭоит, аҭыԥантәи ауааԥсыра рҟны ирымоу ахьыӡқәа ирыхзьамԥшыкәа",– ҳәа азгәеиҭеит Л. Барцыц.

Азанааҭуаҩ иажәақәа рыла апаспортизациа адыррақәа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҟны иалацәажәараны иҟоуп, ашьҭахь – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаараҟни Апарламент аҟни. Азҵаара хыркәшахоит атәыла Ахада дақәшаҳаҭхар. Аобиектқәа аофициалтә хьыӡқәа рыҭара аҳәынҭқарра анапы ианызароуп.

Атурситтә индустриа аусзуҩцәа Аԥсны реиҳа изҭаауа аҭыԥқәа алыркааит

Иахьа уажәраанӡа Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны атопонимикатә хьыӡқәа шьақәзырӷәӷәо документны иҟоу 1996 шықәсазы  Апарламент иаднакылаз Ақәҵара заҵәык ауп. Аԥсны агеографиатә хсаала аҭыжьра азырхиара инадҳәаланы адепутатцәа аӡбра рыдыркылеит топонимқәак наџьнатәтәи рыхьӡқәа шьақәырӷәӷәазарц.

Барцыц иажәақәа рыла Ақәҵара ацҵаҟны иарбаз агеографиатә обиект рыхьӡқәа шәкы рҟынӡа акәын иахьынӡанаӡоз.

"Раԥхьатәи Аԥсны ахсаала азырхиараан атопонимика апроблема анаҳԥыла, ҳара аҭыԥантәи аԥсабара аҭҵаара ҳалагеит, абызшәа ажәеи аҭыԥ ахьӡи – зегь раԥхьа иргыланы аԥсабара абжьоуп ирхоу. Актәи ахсаала иагәылалеит 500 рҟынӡа топоним хьӡы", – азгәеиҭеит Барцыц.

Иара убасгьы агеографиатә обиект  ахьӡ аетимологиа аҵакы амоуп ҳәа дахәаԥшуеит Леуард Барцыц. Атопонимқәа Аԥсни ара иқәынхоз ажәлари рҭоурых аадырԥшуеит, абызшәеи акультуреи реиқәырхаразгьы атопонимқәа реиҭашьақәыргылара хымԥадазароуп иҳәеит иара.

Аԥсны атопонимика аусхк аҟны апроблема ҵарны ишықәгыло, уи акыршықәса ӡбра шамам атәы иҳәеит апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны" автор Ҭенгиз Ҭарба. Иара иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра ари аусхк аҟны аҭагылазаашьа амырманшәалац.

"Сара ари апрблема еснагь исԥылоит. Еснагь сҽазысшәоит ииашаны аҭыԥхьӡы аҩра, аха сызхыԥшылаша акырӡа имаҷуп. Апарламент Ақәҵараҟны иарбоу ахьӡқәа зынӡа иазхаӡом", – ҳәа азгәеиҭеит Ҭенгиз Ҭарба.

Иара иажәақәа рыла аинформациа иаша аиура уадаҩуп. Иҟоуп Т.Гыцба, В. Кәарҷиа, Л.Барцыц рҭыжьымҭақәа, аха урҭ наукатә усумҭақәоуп. Урҭ закәануп ҳәа рыдкылара иашам» азгәеиҭеит иара.

"Адәқьан аҟны еиуеиԥшым Аԥсны ахсаалақәа ааухәар – аҭыԥхьыӡқәагьы еиуеиԥшымкәа иубоит. Иаҳҳәап, џьара Арабика, аҽаџьара – Арбаика; Анчха – Чхы. Атопонимика аинтерес змоу ауаҩы изы ииашоу аинформациа аԥшаара уадаҩуп", – иажәақәа ирыциҵеит Ҭарба.

"Аҭыԥхьыӡқәа – аԥсуа бызшәа иалашарбаганы иҟоуп. Ҳабацәеи ҳабдуцәеи аҭыԥқәа хьӡқәа анрырҭоз аҭыԥ шырбоз иаҿыԥшуан. Иаҳҳәап акаҵәара Чхы ааигәара иҟоуп иӡбаарроу аҭыԥ Пыв. Ара уанныҟәо иҟазшьарбагоу абжьы уаҳауеит. Убри иадырҳәалазар акәхап ахьӡгьы. Ари иаанагоит арҭ атопонимқәа абызшәа еиқәзырхо ракәны иҟоуп ҳәа", – ациҵеит Ҭарба.

Иара иажәақәа рыла, атуристтә индустриаҟны иаҭахуп аҭыԥқәа рыхьӡқәа еиҿыршәшәаны рыхәаԥшра. Атуристтә маршрут ахьиасуа аҭыԥқәа зегьы рхатәы хьыӡқәа рымазароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0