14-шықәса зхыҵуа Сариа Хасаиа ахәышәтәра лҭахуп

© Sputnik Томас ТхайцукСариа Хасиа
Сариа Хасиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва ақалақь "Амедицинатә технологиақәа ринститут" Сариа Хасаиа лҭаацәа лыхәшәтәра ахәԥса шәатәуп ҳәа рарҳәеит. Ахәшәтәра ахәԥса 200000 мааҭ инаӡоит. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ихацнаркит ахәыҷы лзы аԥареизгара.

АҞӘА, рашә 12 — Sputnik, Асҭанда Арӡынба.  Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ихацнаркит Сариа Хасаиа лзы аԥареизгара. 14 шықәса зхыҵуа аӡӷаб Даун исиндром захьӡу ачымазара лымоуп. Лара лыхәышәтәразы 200000 мааҭ аԥара аҭахуп ҳәа аалыцҳаит афонд "Ашана" аусзуҩы Мактина Џьинџьолиа.

Сариа даниҵәҟьа лҭаацәа мап лцәыркит, ахшараиурҭа аҩнаҟны дынрыжьит. Ахәыҷы диаган Аҟәатәи Ареспубликатә хәышәтәырҭахь. Араҟа аус зуаз Светлана Адлеиба Сариа лзы анык дылҩызахеит.

"Ахәыҷтәы ҟәшаҟны аус анызуаз акәын. Ахәыҷы аӡәгьы дшиҭахымыз збеит. Схаҵеи сареи ахшара ҳамамызт, убри азы иҳаӡбеит Сариа хәыҷы ааӡара даҳгарц. Сара иаразнак исарҳәеит ахәыҷы ачымазара илымаз ауадаҩрақәа иацыз ртәы, аха иаҳаӡбаз мап ацәаҳамкит схаҵеи сареи. Арҭ ашықәсқәа зегьы акыр уадаҩра ҳхаагазаргьы, зныкгьы иҟаҳҵаз ҳахьымхәит", — лҳәеит С. Адлеиба.

Ари аҩыза адиагноз змоу ахәыҷқәа есышықәса агәаҭарақәа ирхысуазароуп иҳәеит аҳақьым Денис Чанба.

Ахәыҷтәы ԥсихолог иажәақәа рыла Сариа акоррекциатә еиҭашьақәыргылара акурсқәа дырхысроуп. Аԥсихолог, адефектолог, алогопед рыцхыраара лҭахуп.

Акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ҳтәылаҟны иуадаҩу ачымазарақәа змоу ахәыҷқәа рыхәышәтәра иацхраауа фондуп.

Афонд аусура хацнаркит 2008 шықәсазы. Иахьа дара ирылшоит Урыстәылеиԥш ахәыҷқәа хәышәтәра ҳәа Ҭырқәтәыла, Израиль, Германиа иреиӷьу рыклиникақәа рахь  рышьҭра.


Ажәабжьқәа зегьы
0