АҞӘА, рашә 16 — Sputnik. Британиатәи аҭҵааратә агентра ICM Research "Sputnik. Агәаанагара" Франциеи, Британиа Дуи, Испаниеи рҟны иҟанаҵаз ауааԥсыра разҵаара иаанарԥшит ареспондентцәа европатәи аоппозициатә партиақәа рыҳаҭыр аизҳара зыхҟьаз ҳәа еиҳарак х-мзызк шазгәарҭаз: аиммиграциа аҩаӡара адура (47%), ауаа зықәдыргәыӷхьаз инагӡамкәа иахьаанхаз (46%), Еврохеилак агәрагара ацәыӡра (38%).
"Шәара шәгәаанагарала аоппозициатә партиақәа раларҵәара мзызс иамоузеи?» ҳәа изазҵааз англызцәа рҟынтәи (53%), афранцызцәа рҟынтәи (30%) агәра ганы иҟоуп арҭ апартиақәа раҳаҭыр зышьҭыҵыз Еврохеилак агәрагара ауааԥсыра иахьырцәыӡыз азы ахьакәу.
Аекономикаҟны ақәымҿиарақәа мзызны иазырыԥхьаӡоит 44% аиспан уааԥсыреи афранцыз уааԥсыреи.
Асоциалтә реформақәа рымҩаԥгара хымԥадатәиуп ҳәа иалацәажәоит Испаниа иқәынхо рҟынтәи 49% ауааԥсыра, 50% иазгәарҭоит иззыԥшыз агәыӷрақәа ахьылҵшәадахаз инамаданы аоппозициатә партиақәа еиҳа иазхарҵо иалагеит ҳәа.
Изазҵааз зегь рҟынтәи "исыздырам" мамзаргьы "аҽа ҭакк" ҟарҵеит 10%, 11%.
Азҵаарақәа ҟанаҵон ажәабжьтә агентра Sputnik азы аилахәыра ICM Research, Испаниеи, Франциеи, Британиа Дуи рҟны. Иразҵаан 4 097-ҩык ауааԥсыра, Британиа – 2005-ҩык, Франциа – 1041-ҩык, Испаниа – 1051-ҩык.