Афонд "Аинар": ажәлар иалдыршом апаспортқәа рызҵаара аԥаршеира

© Sputnik Илона ХварцкияПаспорт
Паспорт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны апаспорт ҿыцқәа разырхиара рнапы алакызароуп амаҵзура ҷыдақәа, аус амҩаԥысшьагьы дара хылаԥшра арҭозароуп ҳәа азырыԥхьаӡоит Афонд "Аинар" аҟны.

АҞӘА, рашә 15 – Sputnik. Афонд "Аинар" аҳәамҭа ҟанаҵеит. Аҳәамҭаҟны иарбоуп иҿыцу аԥсуа паспортқәа рҿырԥшқәа рыбланкқәа рҭыжьразы рхатә гәаанагара.

"Ажәлар, зықьҩыла аԥсҭазаарақәа аҳәынҭқарра аҟазаара иахҭнызҵаз, азыхианы иҟам абри азҵаара аганахьала дарбанызаалак аӡәы аԥаршеи ус ианажьра. Ҿырԥшыганы иаҳзыҟоуп 2009-тәи ашықәс,  Аԥсны Апарламент Гал араион ауааԥсыра иааизакны паспортла еиқәыршәатәуп ҳәа  аӡбра анрыдыркылази 2014 шықәсатәи ахҭысқәеи" ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҟны.

Анапхгара ҿыц анааи ашьҭахь,  ирыларҳәеит паспортла ауааԥсыра ҿыц ишеиқәыршәахо. Иазыԥхьагәаҭоуп иара 2016 шықәсазы ихыркәшахоит ҳәа. Усҟантәи аамҭазы имҩаԥысраны иҟоуп аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәагьы.

Аҳәамҭаҟны ишазгәаҭоу еиԥш, сынтәа, Аԥсны Анапхгареи Афедералтә унитартә наплакы «Гознаки» еицеиқәшаҳаҭхеит 250 000 аԥсуа паспорт ҿыц рыбланкқәа  рҭыжьразы.

Абланкқәа ркьыԥхьра инаваргыланы, "Гознак" аҟынтәи акоммерциатә жәалагала ҟалеит 40-миллион мааҭ иаԥсоу апроект (апаспортқәа рыҭара автоматикатә система) амҩаԥгаразы. Асистема, атәылауаа рперсоналтә ҭаҩра аинформациа аизгареи, аҵәахреи, аус адулареи, аҭареи ирзырхоуп. Иара убасгьы иара иалнаршоит апаспорт-визатә документқәа рыҭареи рхылаԥшреи реиҿкааразы ихымԥадатәиу амаҵзуратә информациазы алшарақәа.
Аҳәамҭаҟны иаҳәоит ари аинформациа анрыларҳәа ашьҭахь апарламентиорцәа ԥыҭҩык, апроект аганахьала агәыҩбарақәа шроуз.

"Асеиԥш иҟоу адыррақәа аҳәынҭқарратә ҵакы рымоуп, урҭ рыпрограмматә еиқәыршәараҟны техникала аус рыдулареи ԥхьаҟа ахрархәареи аҽа ҳәынҭқаррак алагалара алымшахароуп, избанзар, ас аан аинформациа армаӡара залыршахом" ҳәа аҳәоит Афонд аҳәамҭаҟны.

Асеиԥш иҟоу аусқәа ахатәы мчра ҷыдақәа рнапаҵаҟа иҟазароуп – азгәанаҭоит Афонд.

Арҭ амзқәа рыҩныҵҟа, аиԥыларақәа зегь рҟны Аминистрцәа Реилазаараҟны иҟаз аҭагылазаашьа ишыҟаз еиԥш ирыдыркылон. 2015 шықәса, рашәарамза алагамҭазы  Аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭқарратә шәарҭадара аинтересқәа ирызхьамԥшыкәа «Гознаки» иареи аилаӡара рнапы аҵарҩит, ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҟны.

"Ҳара иаҳҳәарц ҳҭахым ара акоммерциатә гәаҳәара аҭыԥ амоуп ҳәа, аха Аԥсны атәылауаак раҳасабала, иаҳҭахын еилаҳкаар асеиԥш аҭагылазаашьа зыҟалаз. Ҳара иҳаԥхьаӡоит ҳтәылауаа рганахьала ахатә дыррақәа атәымуаа рзы рымаӡара хымԥадатәиуп ҳәа. Ари аҳәынҭқарратә шәарҭадареи асуверинитети ирызҵаароуп ҳәа иазаҳаԥхьаӡоит ", — азгәанаҭоит Афонд

Жәлар рдепутатцәа ргәаанагара агәхьаа амкреи анапы зҵаҩу адокумент аганахьала изаҟаразаалак ҵаҵӷәык аҟамзаареи ҳрызхьаԥшны  аиқәшаҳаҭра мап ацәктәуп ҳәа азыҳаԥхьаӡоит. Ус анакәымха,  ҳара ауааԥсыра апаспорт ҿыцқәа роура мап ацәыркырц акциа амҩаԥгара алыршара хацҳаркуеит» аҳәоит Афонд "Аинар" аҳәамҭаҟны. Аминистрцәа Реилазаараҟны март 19 рзы имҩаԥган Аԥсны атәылауаа рзы апаспорт ҿыцқәа аҿырԥшы ҿыц аӡыргара.

Ажәабжьқәа зегьы
0