АҞӘА, рашә 17 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Сынтәа аԥсылманцәа зегь рзы иԥшьоу амза Рамадан иалагоит рашәарамза 18 инаркны. Адунеи зегь аҟны аԥсылманцәа рҽазыҟарҵоит ари амза иацу аурычра, ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥсылманцәа иаку рдоуҳатә усбарҭаа ахантәаҩы Салих Кәарацхьелиа.
Иара иажәақәа рыла амза алагара амза-ҿа абара алшара иадҳәалоуп.
"Аԥсылманра аканонқәа инарықәыршәаны Рамадан амза алагара ҳәаақәырҵоит ҩ-хкык рыла: ҿыц игылаз амза абара алыршарала ма ииасуа амза 30-мшы рыла ахыркәшарала" — иҳәеит Кәарацхьелиа.
Иара убасгьы иҳәеит рашәара 16 рзы аԥсылман тәылақәа рҟны идәылҵны амза ишашьклаԥшуа.
Амза аԥсҭҳәақәа ирыхҟьаны иубарҭамзар, ииасыз амза амшқәа 30 рыԥхьаӡоит.
"Ахәылԥаз амза абара ҳҭахын аха аԥсҭҳәақәа ирыхҟьаны иаҳбарҭамхеит, убри азы иахьатәи амш Шьаабан 30-тәи амш ҳәа иазаҳаԥхьаӡоит, уаҵәтәи амшгьы Рамадан актәи амш ҳәа иаҳшьоит. Ҳара иара убасгьы агәыларатә тәылақәа рҟынтәи адырра ҳмоуит амза-ҿа рбеит ҳәа", — иажәақәа ирыциҵеит иара.
Аԥсны Амуфҭи Салих Кәарацхьелиа еиҭеиҳәеит Аԥсны Рамадан ишаԥыло.
"Аԥсуа ԥсылманцәа Рамадан иаԥылоит адунеи аԥсылманцәа зегьы реиԥш. Сара зыӡбахә сымоу аурычраҵәҟьа иҵоу роуп",- иҳәеит иара.
Амуфҭи иазгәеиҭеит аԥсуа ԥсылманцәа Рамадан амза азыҟазаашьала адунеи аԥсылманцәа зегьы иреиԥшуп ҳәа. Иара иажәақәа рыла аурычра иаанаго Иаҳхылаԥшхәу иганахьала амҵахырхәароуп.
"Аурычра ацхыраарала ауаҩԥсы иԥсы даиааиуеит, иҟамло зегьы мап рцәикуеит. Аурычра дыҵанаҵы ауаҩы илшо зегь ҟаиҵоит еиҳа иеиӷьу иганқәа раарԥшразы", — ациҵеит иара.
Амш алашараан аурычра иҵоу афатәи ажәтәи мап рцәикуеит, мап ацәикуеит ахаҵеи аԥҳәыси реизааигәахарагьы.