Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны агәыҳалалратә концертқәа мҩаԥыслоит

© Sputnik Томас ТхайцукАфиша.
Афиша. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Афырхаҵареи ахьӡ-аԥшеи рҳәынҭқарратә музеи аҟны агәыҳалалратә концертқәа рымҩаԥгара азынархоуп амузеи ацхыраара аҭара.

АҞӘА, рашә 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аҳынҭқарратә филармониа асолистцәа Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи Афырхаҵареи ахьӡ-аԥшеи рҳәынҭқарратә музеи аҟны агәыҳалалратә концертқәа мҩаԥыргалоит, лҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Афырхаҵареи ахьӡ-аԥшеи рҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беиаԥҳа.

Лука Гаделиеи, Кристина Ешԥҳаи рықәгылара. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Гаделиеи Ешԥҳаи Ессентукии Кисловодски иқәгылоит

"Агәыҳалалратә концертқәа рымҩаԥгаразы аҳәара иҟаҳҵаз ақәҿырҭит артистцәа Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи. Ҳҳәынҭқарраҿы афинанстә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, аха амузеи аҟны аекспозициа ҿыцқәа реиҿкаара аҭахуп. Амузеи апрокт ашьақәыргылара аан афондқәа зынӡа иҟамызт. Уажәы афондқәа анҳау иаҭахуп авитрина ҿыцқәа рыҟаҵара, урҭ ҿаҵатәуп. Аекспоззициақәа реиҿкааразы аспециалистцәа асахьаҭыхцәа ааԥхьара раҳҭар ауп, хымԥада апортретқәеи атекстқәеи рыхкьыԥхьаала ҟаҵатәхоит", — азгәалҭеит Беиаԥҳа.

Раԥхьатәи агәыҳалалратә концерт аиԥҟьара зыхҟьаз амзыз амузеи аиҳабы дазааҭгылеит.

"Аконцерт зеиԥҟьаз атуристцәа рнеира ҳахьақәгәыӷуаз ауп. Уажәы атуристцәа рхыԥхьаӡара ахьмаҷу аҟнытә рашәарамза 16 рзы иазгәаҭаз аконцерт мҩаԥымсит. Ҳара иҳаӡбеит аҭыԥантәи ахәаԥшцәа рахь ҳхьаԥшыр. Агәыӷра чымоуп ауаажәлар зыԥсадгьыл ахақәиҭраз иҭахази амузеи аԥеиԥши ирызхәыцуеит ҳәа", — лҳәеит Мзиа Беиаԥҳа. 

Ауарӷанарҳәаҩ Лука Гаделиа иажәақәа рыла амузеи аҟны аконцертқәа лассы-лассы имҩаԥыслоит.

"Амузеи аиҳаби ҳареи ҳаиҩызара хацҳаркижьҭеи рацәак ҵуам, аха иаразнакы ҳҳәоу еиқәшәеит. Раԥхьатәи аконцертқәа мҩаԥысит Владислав Арӡынба диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны. Сара сзы даара аҭакԥхықәра ацын аибашьра иазку афильмқәа ауарӷантә музыка рыцҵара. Анаҩс, амузеи аҟны имҩаԥган ахәыҷқәа ирызку ақәгыларақәа. Уажәшьҭа аконцертқәа еиҳа лассы-лассы имҩаԥыслоит", — иҳәеит Лука Гаделиа.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Афырхаҵареи ахьӡ-аԥшеи рҳәынҭқарратә музеи аҟны агәыҳалалратә концертқәа ес-ҩаша имҩаԥыслоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0