Ақалақьтә еизара ахәаахәҭра азин аиуразы ахәԥсатә қәҵа шьақәнарӷәӷәеит

© Sputnik Астанда АрдзинбаТорговые палатки в Сухуме
Торговые палатки в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаахәҭреи азеиԥшчареи робиектқәа рзы Аҟәатәи ақалақьтә еизара атариф ҿыцқәа шьақәнарӷәӷәеит рашәара 18 рзы.

Аҟәа, рашә 18 —  Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Акакалатәи ахәаахәҭреи адәныҟатәи ахәаахәҭреи робиектқәа рзы Аҟәатәи ақалақьтә еизара атариф ҿыцқәа шьақәнарӷәӷәеит.

Набережная махаджиров. - Sputnik Аҧсны
Константин Ԥлиа: аԥшаҳәаҟны ахәаахәҭра ҟалом

"Ацәажәара рацәа ахылҵит амшын аԥшаҳәаҟны ахәаахәҭра мап ацәкра. Ари еиҳарак изгәамԥхоз ахәаахәҭцәа ракәын. Ҳара дара еилаҳкаауеит, аха иара убри аан ақалақь ауааԥсыра ринтересқәагьы ҳрызхьаԥшроуп. Ахәаахәҭра азин азы атарифқәа ракәзар – рҽырыԥсахит. Ҵыԥх, шықәсык азы 120 мааҭ ыҟазар, сынтәа уи ԥсаххеит", —  азгәеиҭеит Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа.

Аҟәа ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа иажәақәа рыла атарифқәа иахьа уажәраанӡа хра ҟарҵо иҟамызт.

"2012 шықәсазы изхәаԥшыз ахәԥсақәа иахьанӡа еиҭакра рмоуцызт,  уиижьҭеи аинфлиациа 40% рҟынӡа шартәахьазгьы. Насгьы арҭ ахәԥсақәа рнапынҵа нарыгӡомызт – ақалақь абиуџьет хадырҭәаауамызт",  — иҳәеит иара.
Аизара адепутатцәа рыӡбрала аамҭалатәи аргыларала еиҿкаау аобиект ахәԥса иартәоит 600 мааҭ.

Иаанхоит Ақырҭаа имҩа аҟынтәи Леон имҩаду аҟынӡа иахьаҵанакуа  иргылоу акиоскқәа, ақьалақәа, апавильонқәа. урҭ зтәу шықәсык ахь 1000 мааҭ аԥара ршәалароуп.

Ахәаахәҭра астационартә обиектқәа рҟынтәи аизгақәа идыртәоит 2000 мааҭ шықәсык иара 50 ԥшьырқца метр еиҵамкәа иҟазар, 50 ԥшьырқца метр еиҳазар – 3000 мааҭ ршәоит.

Адепутатцәа иара убасгьы ишьақәдыргылеит азеиԥшчара аобиектқәа рзы ашәарақәа дара рхышәа-ҵышәа иахьырԥшны (2000мааҭ инаркны 3000 мааҭ рҟынӡа).
Ахәаахәҭразы азин ахәшәара мҩаԥысуеит аамҭалатәи азин – апатент аиура амҩала.


Ажәабжьқәа зегьы
0