Аԥсны аԥсшьара — иаангоит иблахкыгоу аԥсабара аԥшӡар агәахәара, ибеиоу ажәытә ажәлар атрадициақәеи акультуреи рхьысра.
Нас ҳазланеири Аԥснынӡа?
Аԥснынӡа амҩақәа рацәоуп, аха шәааи ҳарзааҭгылап ихадоу:
Зегь реиҳа иласу, аха аԥара рацәа зқәырӡхо аҳаирплан ауп, аха ҳаирплан абилеҭқәа заа иугар маҷк аԥара аиҷаҳара улшоит.
Аҩбатәи авариант аԥара аиҷаҳара иуцхраауеит, аха аамҭа рацәа ақәурӡуеит – адәыӷба. Урыстәылауаа рыбжеиҳараҩык ирымоуп алшара ишиашоу дәыӷбала Гагра, Гәдоуҭа, Афон Ҿыц, Аҟәаҟа, аара. Адәыӷба Москва-Аҟәа есыҽны иныҟәоит.
2015 шықәса рашәара 20 инаркны Гагреи Адлери афымцадәыӷба бжьалоит. Ҽнак хынтә иныҟәалоит.
Еиҳарак аинтерес зҵоу акатамаран ауп. Аԥсныҟа Урыстәылантәи мшынла аара иахьа иалыршоуп Адлер/Шәачеи Гагреи ирыбжьоу акатамаран "Сочи-2" абзоурала.
Ессаира Аԥсныҟа хатә машьынала аара зҭаху рхыԥхьаӡара еиҳахо иалагеит. Аԥсныҟа зхатә машьынала амҩа ианылаз игәиҽанызароуп, имашьына еиқәышәшәа иҟазароуп, избанзар Москвантәи Аԥснынӡа нызқьиҳәышә инареиҳаны километр бжьоуп.
Иалшәхуазаалакгьы Аԥсныҟа шәанаа, амҩахь аԥара рацәа нышәхызаргьы иаԥсоу усуп ҳәа азышәҳәап ҳәа ҳгәыӷуеит.