АҞӘА, рашә 21– Sputnik, Анжелика Бениа. Адыгеиа аҳҭнықалақь Маиҟәаҧ хышәҩык инареиҳаны еиеиҧшым атәылақәеи Урыстәла арегионқәеи рҟынтәи аҿар еизеит ''Кавказ астудентә ааҧынра'' рхы аладырхәырц азы.
Уи аҿар рестиваль иалахәуп Аҧснынтәи аделегациагьы, абри атәа ааицҳауеит агәыҧ ахаҭарнак Денис Гәаҧиа.
"Ҳара ҳҿар ишахәҭоу ҳҳәынҭқарра аадырҧшит жәларбжьаратәи афестиваль аҟны. Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп исыцу зегьы, дара уанрылаҧшыр ахьыбҿар шҳаму атәы еилукаауеит" — иазгәеиҭит Гәаҧиа.
Иара излааицҳауа ала рашәаа 20 Адыгатәи Аҳәынҭқарратә филармониа асценаҟны амилаҭтә маҭәа аӡыргара "Этно — мода" мҩаҧган. Уаҟа Аҧснынтәи алахәылацәа ахәаҧшцәа иддырдырит аҧсуа амилаҭтә маҭәа зеиҧшроу.
Уи амш аҽны Адыгатәи Аҳәынҭқарратә Университет ахыбраҟны имҩаҧган "Арт — холл", иара убас иаартын ''Адипломат ишкола" уаҟа аҳәынҭқарра ҭыргон аҭоурыхдырыҩцәа, аполитологцәа иара убас аҿартә хеилкқәа рхаҭанакцәа, иааицҳаует Гәаиа.
Амузыкатә гәыҧ "Light sound", ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа Емиль Адлеибеи, Саид Малиеи злахәу, еицырдыруа аҳәаанырцәтәи нглыз бызшәала иҩу ашәақәа нарыгӡеит. Ахәаҧшцәа, Гәаҧиа иажәақәа рыла, урҭ рықәглара гәахәарыла ирыдыркылеит.
"Схазы иҿыцу рацәаны иаасыртит, ас еиҧш аҿар реиҧылара азеиҧш проблемақәа рыӡбаразы ицхыраагӡоп. Ицәгьоу, адунеи аҟны иҟоу агеополитикатә ҭагылазаашьа Кавказ ианымҧшыр залшахом. Урҭ апроблемақәа риааиазы Кавказ иқәынхо ажәларқәа згьы акны еивагылазароп" – игәаанагарақәа ҳацеиҩишеит Гәаҧиа.
Афестиваль ''Кавказ астудентә ааҧынра'' Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аиааира амш 70 шықәса ахыҵра иадҳәалан. Аҿар рфестиваль рҽаладырхәит Урыстәыла арегионқәа, Аҧсны, Азербаиџьан, Армениа, Қырҭтәыла, Таџьыкистан, Аладатәи Уаҧстәыла рҟынтәи алахәылацәа.