АҞӘА, рашә 23 — Sputnik. Еврохеилак асанкциақәа инарымаданы, Урыстәыла иалшоит аԥсыӡтә консервқәеи аҵиаатә шшақәа ирылху ашәаалыҵқәеи аконтрсанкциақәа рсиахь рарбара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Еврохеилак атәылақәа Адәныҟатәи аусқәа рминистррақәа реиҳабырақәа 2016 шықәса ажьырныҳәа 31 рҟынӡа Урыстәыла аганахьала иаԥҵоу асанкциақәа ирыцырҵеит ашәахьаҽны. Дмитри Медведев иазгәеиҭеит аконтрсанкциақәа рыцҵаразгьы иаарласны ажәалагалақәа апрезидент ишидгалахо.
"Еврохеилак асанкциақәа инарымаданы, Урыстәыла иалшоит аԥсыӡтә консервқәеи аҵиаатә шшақәа ирылху ашәаалыҵқәеи аконтрсанкциақәа рсиахь рарбара» ҳәа анарбоит агазеҭ "Известиа".
Асиа ҿыц еиҿнакаауеит Ақыҭанхамҩа аминистрра.
Украина иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы Еврохеилак атәылақәеи США-и Канадеи ҵыԥх ааԥынразы Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала асанкциақәа аларгалеит. Аҭакс, 2014 шықәса нанҳәамзазы Урыстәыла аконтрсанкциақәа аднакылеит. Арахь иаҵанакуеит Еврохеилак атәылақәеи США-и Канадеи атәылақәа рагроааглыхратә сектор иаҵанакуа аалыҵ.