Аԥсуа чаи китаитәии индиатәии раҵкьыс еиӷьуп

© Sputnik Томас ТхайцукАсҭамыр Оҭырба
Асҭамыр Оҭырба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә аунитартә еилакы "Аԥсуачаи" адиректор Асҭамыр Оҭырба иаҳзеиҭеиҳәеит ареспубликаҟны ачаи аусхк шырҿиатәу.

АҞӘА, раш23 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсуа чаи ахаҭабзиара адунеитә стандартқәа ирықәшәоит, амилаҭтә економика арҿиаразы ари акультура аԥеиԥш бзиа амоуп, аха адгылара амоур аҿиара залыршахом ҳәа ажурналистцәа рзы еиҿкааз абрифинг аҟны иазгәеиҭеит Асҭамыр Оҭырба.

Аԥсуа-аурыс ҳәаа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа-аурыс ҳәаа аҟны адекларациа иахыгамыз ачаи ааныркылеит

"Ҳара шьаҭанкыла ирҿыцны ари аус хацҳаркырц иаҳгәиҭоуп. Абаза ҳамоуп. Ачаи акультура ареспубликаҟны амилаҭтә економика аҿиаразы аԥеиԥш бзиақәа аманы иҟоуп аха адгылара амоур аҿиара залыршахом» ҳәа ажурналистцәа рзы еиҿкааз абрифинг аҟны иазгәеиҭеит Асҭамыр Оҭырба.

Иара иеиҭеиҳәеит "Аԥснычаи" ахаҭарнакцәа Китаитәи аплантациа дуқәа ирҭааны ишырбаз атәы.

"Ҳара Китаи ҳаҟан, ачаи плантациа дуқәа ҳарҭааны иаабеит. Аԥсынгьы изызҳауа китаитәи ачаи ахкоуп, аха ҳара ҳчаи хаҭабзиарала еиҳагьы еиӷьуп", — иҳәеит Оҭырба.

Иара иажәақәа рыла ачаи ахаҭабзиара анырра азнауеит атехнологиатә усадулашьа. Уи Аԥсны макьаназ ишьҭаханы иҟоуп.

"Проблеманы иҳамоу аплантациақәа ракәым ачаи аус адулароуп. аԥсны иҟоу ачаи фабрикақәа ҳаамҭа иақәшәом. урҭ рҿыцтәуп. атехнологиа ҿыцқәа адгалатәуп", — иҳәеит Асҭамыр Оҭырба.

"Аԥснычаи" адиректор Асҭамыр Оҭырба абрифинг аҟны аҳасабырба ҟаиҵеит – 2009шықәсеи 2012 шықәсеи рзы анаплакы аусуразы.

Аԥсуа чаи аҿиара апроект азы ф-нызқь гектар адгьылқәа азырхиоуп.

"Ҳара ҳазыхиоуп аусура алагара. Аԥарақәа ҟалараны иҟоуп етап-етапла. 15 шықәса рыҩныҵҟа иақәхарџьу аԥара (150 миллион мааҭ) хнырҳәхоит. Ҩымз рыҩныҵҟа ақьаадқәа еизаҳкроуп. Дарбанызаалак аинвестор ари апроект аԥара алеигалом апроект аҳәынҭқарра шадгыло изымдыруа", — иҳәеит иара.

Асҭамыр Оҭырба ишиҳәаз ала иаарласны имҩаԥысуеит аԥсуа чаи аҿиара аӡыргара.

Ажәабжьқәа зегьы
0