Аҳазалхратә пункт "Адлер" аҟны автомобилтә мҩа ацәаҳәа ҿыцқәа ацлоит

© Sputnik Томас ТхайцукГраница. Архивное фото.
Граница. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәачатәи Аҳазалхратә пункт "Адлер" аҟны ганрацәалатәи автомобилтә мҩа аныҟәаразы ацәаҳәа ҿыцқәа ацлоит

АҞӘА, рашә 24 — Sputnik. Шәачатәи Аҳазалхратә пункт "Адлер" аҟны ганрацәалатәи автомобилтә мҩа аныҟәаразы ацәаҳәа ҿыцқәа ацлоит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала акурорттә сезон ианалаго аамҭазы  автомобилтә транспорт аушьҭырҭатә пунктқәа русура акыр еизҳауеит.

"Атуристцәа рхыԥхьаӡара иахьацло инамаданы, иара убасгьы мышкыҳәа арахь иалалогьы азыԥхьагәаҭаны АП "Адлер" аусура ахьанҭара ԥшьынтәны еизҳауеит. Уахыки-ҽнаки рыла  аҳәаа иахысуеит 40 000-ҩык ауааԥсыреи 5 000 автотранспорти. Нанҳәамзазы иахысраны иҟоу ҳәа иазыԥхьагәаҳҭоит 60 000-ҩык атуристцәеи 7 000 автотранспорти. Иара убри аан аушьҭырҭатә пункт алшара  - 1 000 автотранспорти  28 000-ҩык ахаҿқәеи роуп", — ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҟны.

АП "Адлер" аҳазалхратә ҭыԥ аиҳабы Денис Воронин иазгәеиҭеит  аԥхынтәи аамҭазы  дара ируал хаданы иҟоу аусура излалшо ала арманшәалароуп.

"Еиҳа-еиҳа изцыло аиасратә поток арманшәалараз аӡбра аҭахны иҟоуп. Ауааи атранспорт хархәагақәеи меизаларц азы  аҳазалхратә пункт аусуҩцәа аҳәаа ахыжьра апроцедурақәа дырмариоит", — иҳәеит Воронин.

Иара иажәақәа рыла аҳазалхыҩцәа ирылшо ҟарҵоит ауаа рҭагылазаашьа арманшәаларазы. Апост аҟны иахьазы атранспорт аиашьҭразы ахархәара рымоуп ацәаҳәақәа зегьы, ауаа атранспорт иҭымҵкәа иахәҭаны иҟоу апроцедурақәа ирыхрыжьуеит.

"Аҳазалхратә гәаҭара ахысра арццакразы иацҵоуп ганрацәалатәи автомобилтә цәаҳәа арҭбаара аус. Иахьазы ирыдкылоуп аӡбра Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иахысуа атранспортласы аныҟәаратә ацәаҳәа ацҵара. Иахьазы аргыларатә усурақәа ирҿуп", —ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.

Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа адыррақәа рыла 2014 шықәса рзы аҳәаа иахысит 7-миллионки 359 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра. 2015 шықәса лаҵарамза 1 инаркны аҳазалхыҩцәа 214 000 автотранспорти  миллионки 103 000-ҩык ауааԥсыреи аҳәаа иахрыжьхьеит.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0