00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Агазеҭ "Гал" ҭыҵуеижьҭеи 30 шықәса ҵит
18:15
14 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Лев Кәыҵниа: ареспубликаҟны аҵх иҷыдоу хҭысда имҩаԥысит

© Sputnik Томас ТхайцукЛев Кәыҵниа: ареспубликаҟны аҵх иҷыдоу хҭысда имҩаԥысит
Лев Кәыҵниа: ареспубликаҟны аҵх иҷыдоу хҭысда имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа ишааицҳауа ала аусбарҭаҟны ирдыруеит ақәарҩашқәа раан ауааԥсыра рзы ашәарҭара ҟалар ахьалшо аҭыԥқәа, аӡы ҩеир ахьалшо, убри азы ацхыраара аҟаҵара иазыхиоуп.

АҞӘА, рашә 26 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥшьаша инаркны ахәашанӡа аҵх иҷыдоу хҭысда имҩаԥысит ҳәа ааицҳаит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

"Ареспубликаҟны аҭыԥ зауз ациклон иахьыԥшымкәа аҵх уадаҩра ҷыда ацмызт.  Ҳара иаадыруеит ақәаршыҩқәа раан ауааԥсыра рзы ашәарҭара ҟалар ахьалшо аҭыԥқәа, аӡы ҩеир ахьалшо, убри азы ацхыраара аҟаҵара ҳазыхиоуп. Аҟәа асеиԥш иҟоу аҭыԥқәа зегьы рыҟны ацхырааратә машьынақәа ҷаԥшьон, иаҭахны иҟалар оперативла ауснагӡатәқәа рыдыркыларц", — иҳәеит Л. Кәыҵниа. 

АҶА  аиҳабы иажәақәа рыла аминистрра аусуҩцәеи акоммуналтә усбарҭа аусуҩцәеи ақәаршыҩцарҭақәа дрыцқьон.

"Ақәаршыҩцарҭақәа агәамсам иашәаҳауан, ҳара ҳусуцәеи акоммуналтә усбарҭа аусуҩцәеи аҵх зегьы аусура ҳаҿын. Амш ацәгьара инадҳәаланы ахатәы ҩынқәа аӡ рыҵаларазы ашәарҭа ыҟан. Ҳара иара убасгьы ҳшәон Кәыдры аӡиас  хыҵыр ҳәа, ақыҭақәа ирыҵалар ҳәа, аха ус шәарҭа ҟамлеит. Амш иаарласны ишьақәгылап ҳәа адырра ыҟоуп", — иҳәеит Л. Кәыҵниа.

Рашәара 25 рзы Шәача иҟалаз аҭагылазаашьа ҷыда далацәажәо Лев Кәыҵниа иҳәеит  иара урыстәылатәи рколлегацәа ацхыраара рыҭара дшазыхиоу азы адырра шриҭаз.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0