Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны аҭуан еилаҳаит

© Sputnik Томас ТхайцукАбхазия продолжит работу по возвращению культурных ценностей
Абхазия продолжит работу по возвращению культурных ценностей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаша ауха иҟаз амшцәгьа ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны аҭуан ахәҭак еилаҳаит, ааха роуит аетнографиа аҟәша азали ҳаамҭазтәи аҭоурых аҟәша акабинети.

АҞӘА, рашә 26 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ахәаша, рашәара 26  ауха иҟаз амшцәгьа ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны аҭуан ахәҭак еилаҳаит, ааха роуит аетнографиа аҟәша азали ҳаамҭазтәи аҭоурых аҟәша акабинети ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит амузеи адиректор Аркади Џьапуа.

Лев Кәыҵниа: ареспубликаҟны аҵх иҷыдоу хҭысда имҩаԥысит

"Ҳара ааигәоуп амузеи анааҳартыз. Еилкаауп ақәаршҩы шакәыз, аха асеиԥш ҟало иалагар иҟаҳҵоу сыздырам. Аԥхасҭа роуит аҵакы змаз адокументациа, архивтә документқәеи ашәҟәқәеи. Иҟалап урҭ рыхәҭак реиҭашьақәыргылара аур, аха иҟалоит иӡуагьы. Аргылаҩцәа аасыԥхьеит, азҵаара аӡбра азутәуп. Еизаагоит аҵаратә хеилак, ҳалацәажәараны ҳаҟоуп амузеи аҳаркуоу мамзаргьы ҽакы азаҳаӡбоу", —азгәеиҭеит Џьапуа.

Аҳәынҭмузеи аетнографиа азал аҭааҩцәа рзы уажәы иаркуп, амшцәгьа иахҟьаз арыцҳара аҭыԥ ақәҵара заҟа аамҭа аҭаххо макьана еилкаам ҳәа ҳзеиҭалҳәеит аҟәша аиҳабы Инга Шамԥҳа.

"Сара арахь сааит ақәаршҩы ианалагаҵәҟьа, аурозороу аӡы ыҟан, акгьы узыҟаҵомызт. Адашьма иқәыз аковралн зегьы бааӡан, уи ԥхьаҟагьы ҳхы иаҳархәартә иҟалот ҳәа сыҟам, аха зегь раасҭа угәы узырхьуа – аекспозициа ааха аиуит, хаҭала аԥсуа шҭа амакет. Ари зыхә дуу проектуп, иара хәымз инарзынаԥшуа аҟаҵара ҳаҿын, иара аҟаҵара иаԥхьанеиуаз аусдуларақәа шықәсык ҳарҿын", — азгәалҭеит лара.

Шамба лажәақәа рыла амакет, зыхәԥса 800 000 мааҭ итәо аиқәырхара ауп ҳәа лыԥхьаӡоит. Ирыгәҭакуп иара арбара.

© Sputnik Илона ХварцкияАԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны аҭуан еилаҳаит
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны аҭуан еилаҳаит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны аҭуан еилаҳаит

 

Ажәабжьқәа зегьы
0