АҞӘА, рашәара 29, Sputnik, Роберт Џьапуа. Апассаџьыртә автобуси амашьына ласқәа хԥеи алахәны, рашәара 28 рзы Гәдоуҭа араион аҟны иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны аӡәы иԥсҭазаара далҵит ҳәа Sputnik акоррреспондент изааицҳаит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Гәдоуҭатәи араионтә ҟәша аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Ромели Рабаиа.
"Амҽыша ауха, асааҭ жәба рзы ареспубликатә мҩаду Ԥсоу – Егры, Гәдоуҭа араион Бамбора аҳабла 64-тәи акилометр аҟны амҩа-транспорттә машәыр ҟалеит. Автомашьына Toyota аԥсҟы зкыз Андреи Маан иԥылаз автомашьына BMW иареи еиҿасит. Амашьынақәа реинҟьара иабзоураны BMW аԥхьаҟа иааиуаз автомашьына Skoda иасит. Skoda акәзар, амҩатә цәаҳәа ианыҵны апассаџьыртә автобус MAN ианҟьеит. Амҩатә машәыр иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит 1976 шықәсазы ииз, Гәдоуҭа ақалақь аҟны инхоз, автомашьына Toyota аԥсҟы зкыз Андреи Маан. BMW аԥсҟы зкыз ахәахәарақәа иманы ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган. Уаҳа аӡәгьы ааха имоуит, амедицинатә цхыраарагьы дамыҳәеит", — иҳәеит Рабаиа.
Сааҭки бжаки инарымаданы амҩатә машәыр ахьыҟалаз ареспубликатә мҩаду Ԥсоу-Егры ахәҭа аркын. Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа рыцхыраарала автотранспорт аныҟәара мҩаԥысуан иахыкәшан ицо амҩала.