Ҭырқәтәылатәи абизнес маҷ-маҷ Аԥсныҟа иаауеит

© Sputnik Томас ТхайцукВадим Ҳаразиа апресс-конференциаҿы. Аҭыԥантәи афото
Вадим Ҳаразиа апресс-конференциаҿы. Аҭыԥантәи афото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Вадим Ҳаразиа Амассатә информациатә хархәагақәа ирзеиҭеиҳәеит аилак апроблемақәеи ԥхьаҟатәи аԥеиԥшқәеи ртәы.

АҞӘА, рашә 29, Sputnik,  Саид Барганџьиа. Ҭырқәтәылатәи абизнес маҷ-маҷ Аԥсныҟа иаауеит иҳәеит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Вадим Ҳаразиа, ашәахьа, рашәара 29 рзы апресс-конференциаҟны.

Аԥсны иаҭааит ҭырқәтәылатәи атуристцәа раԥхьатәи ргәыԥ

Ҳаразиа иажәақәа рыла, имаӡоу ак акәым Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыбжьара атауареикәшара 250 миллион доллар рҟынӡа шартәо.

"Хьрыԥс Џьапуа иаԥшьгарала, ҵыԥх, имҩаԥысит 35-ҩык рҟынӡа еицырдыруа ҭырқәтәылатәи абизнесуаа злахәыз аекономикатә форум. Афорум аҟны иалацәажәан Аԥсны абизнес азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵашьа", — иҳәеит аҳәынҭеилакы аиҳабы.

Иара убасгьы иациҵеит аҭырқә бизнесуаа дара рганахьала Аԥсны абанктә система аиқәыршәареи рбизнес акриминал анырра азнамурц ази аҳәара шыҟарҵаз.

"Ҭырқәтәылатәи абизнес маҷ-маҷ иаҳзаауеит", — инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҳаразиа.

Аҳәынҭеилакы аиҳабы иажәақәа рыла, абизнеси адиаспореи рымҩақәа еиқәшәозароуп.

Вадим Ҳаразиа иара убасгьы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспора иатәу 13 культуратә центр аус шыруа.

"Урҭ зегьы лҵшәабзиала аус руеит, акультуратә центрқәа Рфедерациа ацхыраарала активлаҵәҟьа рхы аладырхәуеит Аԥсны иазкны имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа разырхиареи рымҩаԥгареи", — азгәеиҭеит иара.

План взаимодействия подписан между МИД Абхазии и диаспорой в Турции - Sputnik Аҧсны
Виачеслав Чрыгбеи Џьенгьиз Ашәбеи аусеицуразы аплан рыдыркылеит

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аилак анапхгаҩы  ажурналистцәа азхьаирԥшит акультуратә центрқәа рҟны аԥсшәа аҵара адагьы ишымҩаԥырго аԥсуа кәашарақәа рҵара. Иара убасгьы иҳәеит ацентрқәа русура рыҩаӡара акыр ишыҳараку.

"Ҳара хра аҳҭалоит аҿар рхаҭарнакцәа арахь раагара, урҭ, ара рыжәлантәқәеи дареи еибабарц, еибадырырц. Ҳара ахәыҷқәа аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны инҳархалоит – аԥсуа бызшәа аҵареи аԥсуа культура рыларҵәареи рзы", — инаҵшьны дазааҭгылеит Ҳаразиа.

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациеи 2015 шықәса, рашәара 15 рзы аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Џьенгьиз Ашәбеи рнапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны хыдҵаны иргеит  аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә программа аларҵәара алыршара.

Ажәабжьқәа зегьы
0